Руслан Ԥандариа: Аҟазара ус иҟоуп - гәыкала уазымнеир иуыцааиӡом

© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәАнапҟазаҩ Руслан Ԥандариа.
Анапҟазаҩ Руслан Ԥандариа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афон Ҿыцтәи аҳаԥы ашәаԥыџьаԥи ауахәамеи дагәылаԥшуа дынхоит Аԥсни уи анҭыҵи зыхьӡ неҩхьо анапҟазаҩ Руслан Ԥандариа. Иара Аԥсны ахьынӡа-наӡааӡо ажәытәла анышәаԥшь аус адызуло аӡәык иакәны дыҟоуп.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

Аҟазара ахыҵхырҭа

Руслан Ԥандариа  диит аҟазара пату ақәызҵоз аҭаацәараҟны. Руслан Ԥандариа иаб Владимир Ԥандариа иниаамҭаз араионтә газеҭ "Бзыԥ" аҟны акыр шықәса аус иуитфотокорреспондентс. Иара иҭыихуаз асахьақәа реиҳарак ажәлар рыбзазара аазырԥшуаз ракәын. Убас Руслан дхәыҷаахыс аҟазара агьама икит. Иара иажәақәа рыла асахьаҭыхреи, аҿыханҵареи, ахаҳә аус адыулареи инапы анаиркы иҭаацәа рыҷкәын ибзиабара ициҩшаны авагылареи ацхыррареи ирҭон.

"Сҭаацәа убысҟак авагылареи ацхыраареи сырҭеит исылымшозгьы сылсыршон. Раԥхьа сырзеилкаауамызт дара, аха сара абнатә мҿы, ахаҳә, анышәаԥшь аагара санаҟәымҵӡа рҿарҭеит. Саб имашьына ҭаргыларҭа аҟазарҭа ҭыԥ сзалихит", — ҳәа игәалаиршәоит Руслан Ԥандариа.

Руслан Ԥандариа ажәбатәи акласс аҟны дыштәаз ашкол аҟнытә иҽӡаны абнахь дцон, уахьынтә аҩныҟа иааигон амҿы, анышәаԥшь. Усҟан иара аус адулашьа издыруамызт аҟнытә излаилшоз, игәы ишианаҳәоз ала аус ҟаиҵон.

Ихазы дырҵаҩхеит

Амҿы, ахаҳә, анышәаԥшь аус адулара аҵараҿы рҵаҩыс ҳәа аӡәгьы димамызт. Иара иыиҳәо ала, уара ухала ианыуҵо еиҳа аинтерес аҵоуп.

"Арҵаҩцәа ҳәа аӡәгьы дсымамыз. Сара исгәалашәоит акыр аамҭа иҟасҵоз маншәалахомызт, избан акәзар атехнологиа сыздыруамызт. Ахаҳәи, амҿи, анышәаԥшьи унапы убысҟак иазааигәахар ауп, дареи уареи шәеицәажәоушәа", — иҳәои анапҟаза.

Руслан Ԥандариа агәра игоит ихы аус адимулозҭгьы акгьы шалымҵоз. Анапҟаза еснагь дазҿлымҳан анышәаԥшь иалырхуаз амаҭәарқәа. Ахаҳәи амҿи инапаҟны ирласны иааигазар, анышәаԥшь хәы-шықәса инарзынаԥшуа акгьы изалгомызт.

"Аҟазара ус иҟоуп гәыкала уазымнеир иуыцааиӡом. Анышәаԥшь акәзар уи ажәытәан аԥсуаа пату зқәырҵоз акакәын. Насгьы шьоукы ус ҟарҵоит акы рдыруазар уа иаангылоит. Сара амҿы, ахаҳә, асахьаҭыхра снапаҿы ианаазга, атехгнологиа санақәшәа, хықәкыла анышәаԥшь аус адулыра салагеит. Аиаша шәасҳәап, анышәаԥшь уи убысҟак иқьынцыцу материалуп, маҷк угәамҵны унадгылар акгьы узалхуам", — иҳәоит Ԥандариа.

Руслан Ԥандариа аус здиуало анышәаԥшь ааигоит Хәаԥынтә, иара еиҳа иманшәалоуп ҳәа иазыԥхьаӡаны. Анышәаԥшь иалху амаҭәарқәа рыҟаҵара далагаанӡа, анышәаԥшь ҷыдала иазирхиот.

"Анышәаԥшь аус анадууло иҟәымшәышәӡа иҟазар ауп, унапы иамкуа. Аԥҳал, аҟәџьал, аҳаԥшьа аҟаҵаразы иаҭаху анышәаԥшь раԥхьа алыхәҭа икыласхоит, напыла ирацәаны исырҟәҷоит. Снапы аӡаҿы исырбааӡоит лассы-лассы, избан акәзар анышәаԥшь унапаҿы иԥхазароуп. Агоначртә стол ииашаны уадтәалароуп, аҽы уақәтәушәа. Зегьы рзы атмосфера маншәалазар ауп", — ҳәа иҳәоит  иара.

Аҳамҭаҷқәа рыҟаҵара знапы алаку Езаҭ Џьениа. - Sputnik Аҧсны
Арҿиаҩы ирҿиамҭа: Езаҭ Џьениа иҳамҭаҷқәа

Анапҟаза иазгәеиҭеит, анышәаԥшь амца иҿҳәаҵаны иахәҭоу атемпература аҟны ишбылтәу.

"Унапы иманшәаланы ианақәшәа анышәаԥшь, иуацәажәоушәа иҟәымшәышәӡа иҟалоит. Унацәкьарақәа рыла амузыкатә инструмент ауарҳәоушәа анышәаԥшь иуҭаху аформа ауҭоит. Агончартә стол уанадгыло угәамҵыр ҟалаӡом, анышәаԥшь анырра аиуеит. Амца уаҿҳәатәаны иныубло быжьшәы ма зқьы градус иҟазар ауп, атемпература уақәымшәар иԥҽоит амаҭәарқәа", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Асахьаҭыхыҩ, анапҟаза акырӡа збаҩхатәра ҳараку Руслан Ԥандариа аамҭаказ астудиа иман, иара иҭаауан ахәыҷқәа анышәаԥшь аус адулашьа дирҵарц, аха истудиа анблы анаҩс азыҟаҵарақәа аанкылахеит. Иусумҭақәа акырӡа амца иалаблит, анапҟаза ари ахҭыс акырӡа игәнигеит.

"Астудиа амца анакы, сусумҭақәа иалаблыз акырӡа сгәы снархьит. Иблит акыр шықәса аус здызулоз ашәарыцара атематикеи аԥсуа цәаҩа зныԥшуаз асахьа ду. Амца иалызгаз аусумҭақәа иахьанӡа ус игылоуп. Астудиа анышьақәсыргылалакь аус рыдуланы аҭыԥ иқәысҵоит", — ациҵеит иара.

Афонҿыцтәи аԥсабара абаҩхатәра ду сыланаҵеит, ҳәа иҳәоит анапҟаза.

Руслан Ԥандариа иаԥиҵеит аҭаацәара ԥшӡа, иара драбуп х-ҩык ахшаара, аҭаацәаратә уси аҟазареи заманала еидибалоит. Игәҭакқәа анагӡаразы алшареи, амчи, агәабзиареи изхап ҳәа игәы иаанагоит. Иаарласны иара напы аиркоит амҳаџьырреи аԥсуаа рышәарыцашьеи аазырԥшуа асахьақәа рҭыхра.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0