Амцаԥшьхәаҷа аҿагылара аԥышәа хәарҭахоит мароккотәи амаҵа аԥыхразы

© Алексей Куденко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАмаҵа. Архивтә фото.
Амаҵа. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспублика ақыҭанхамҩаз мароккотәи амаҵа шәарҭара алам, ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит аҵиаақәа рыхьчаразы Аҳәынҭқарратә маҵзура аиҳабы Владимир Гериа.

АҞӘА, рашәарамза 29 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Ареспублика ақыҭанхамҩаз мароккотәи амаҵа шәарҭара алам, ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит аҵиаақәа рыхьчаразы Аҳәынҭқарратә маҵзура аиҳабы Владимир Гериа. Уи адагьы амаҵа аҿагылара астратегиа амцаԥшьхәаҷа аҿагылара еиԥшуп иҳәеит иара.

"Астратегиа аус аҳрухьеит. Уи иалахәуп: Ақыҭанхамҩа аминистрра аекологиатә маҵзуреи Акарантинтә инспекциеи. Ҳәарада атехника. Ауснагӡатәқәа аҭахны ишааҟалалак ихацҳаркуеит. Ҳара иҳамоуп аԥышәа – амцаԥшьхәаҷа аҿагылара", — иҳәеит Гериа.

Гериа иҳәеит Шәачатәи аҟазауааи иареи шеиҿцәажәахьо. Гериа иажәақәа рыла Ареспублика ақыҭанхамҩаз мароккотәи амаҵа шәарҭара алам. Урҭ хыԥхьаӡарала акыр имаҷуп, иҳәеит иара.

Владимир Гериа иазгәеиҭеит Аԥсны асубтропикатә ҳауа мароккотәи амаҵа аизҳаразы ишыманшәалам.

Лаҵарамзазы Даӷьысҭан ицәырҵит, нас Мароккотәи амаҵа Лазаревски Хосҭеи иахьрыҵаркуаз иҟан. Ашьҭахь — Адлер ирбо иалагеит.

Урҭ рымҩаҟны ирымԥыхьашәо рфоит. Аиҳарак арыцтәқәа. Ауаҩԥсы игәабзиара иаԥырхагам, аха аҵиаақәа аԥхасҭа рнаҭоит. Ақыҭанхамҩа аԥхасҭа ӷәӷәа арҭар рылшоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0