Ашьхатә маршрут амҩаԥгараан Урыстәылеи Китаии инвесторцәахар ҟалоит

© Sputnik / Александр Уткин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәии Ставропольтәии аҵарауаа имҩаԥыргеит Аԥснынтәи Ҟарачы Черқьесскҟа амҩатә маршрут аҩбатәи аҭҵаара. Абри атәы ҳзааицҳаит Аԥсны агеографиатә еилазаара аиҳабы Леуард Барцыц.

АҞӘА, рашәарамза 29 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснынтәи Ҟарачы Черқьесскҟа амҩатә маршрут аҭҵаара еиҳарак аинтерес рыманы иҟоуп Урыстәылеи Китаии, иҳәеит Аԥсны агеографиатә еилазаара аиҳабы Леуард Барцыц.

"Апрограмма анагӡаразы ихымԥадатәиуп аинвесторцәа радыԥхьалара. Атәыла дуқәа, Урыстәылеи Китаии иреиԥшу ирымоуп афинанстә лшара уи апрограмма иаарласны амҩаԥгаразы", — иҳәеит Барцыц.

Аԥсуа ҵарауаа рыԥхьаӡарақәа рыла Аҷандара ақыҭа инаркны Ҟарачы Черқьесскнӡа 40 километра ашьха мҩа ҟалоит.

Афинанстә ганқәа рыла акәзар, уи иартәоит ԥшь-миллиард доллар. Аԥарақәа маҷуп узҳәом, аха иаарласны ихнырҳәхоит избанзар аус ауа иалагоит еиԥмырҟьакәа арекреациатә туризм ҳәа азгәеиҭеит Леуард Барцыц.

Барцыц иазгәеиҭеит апроект анагӡара рацәаӡак иуадаҩым, аамҭалагьы 15 шықәса рҟынӡа шагогьы раԥхьатәи ашықәсқәа рыла ахәԥса хнырҳәхоит, ахархәара аҭахар алшоит аидарақәа рымҩангаразы ҳәа.

"Иахьа Нхыҵ Кавказ аӡазы ауадаҩрақәа азцәырҵуа иалагеит. Аԥсны акәзар аӡы мегӡарахда иҳамоуп. Ҳаԥхьаҟа иҳалшон уахь аӡы назго ҳакәны ҳшьақәгылар", — иҳәеит иара.

Раԥхьаӡа акәны абри амаршрут амҩаԥгара иалацәажәан 1997 шықәса рзы, Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба инапынҵала Аԥсны агеографиатә хсаала аус анадырулоз.

Ажәабжьқәа зегьы
0