Гагра араион аҩнеихагылақәа рҟны иԥсаххоит 26 лифт

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагра араион аҩнеихагылақәа рҟны иԥсаххоит 26 лифт
Гагра араион аҩнеихагылақәа рҟны иԥсаххоит 26 лифт - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион аҩнеихагылақәа 26 рыҟны ишьақәыргылахоит алифт ҿыцқәа.

АҞӘА, рашәарамза 29 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аԥсны асоциалтә-економикатә ҿиара аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, Гагра араион аҟны нап аркуп 26 лифт рышьақәыргыларазы аусурақәа.

Амуниципалтә унитартә еилакы "Гагра лифти", зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу аилазаара "Максимуси", Гагра ақалақь аҩнеихагылақәа рҟны ишьақәдыргылоит жәа лифт, Бзыԥҭа аҳаблан жәеиза, Пицунда ақалақь аҟны хәба.

"Иахьазы имҩаԥысуеит алифт ашахтақәа рышьақәыргылара иадҳәалоу аргыларатә усурақәеи афымцатә цәаҳәақәа рнагареи. Иара убас, Гагра аибыҭара иалагеит алифтқәа хԥа, Пицунда ԥшьба", — иҳәеит "Гагра лифт" аиҳабы Валери Џьениа.

Гагра ақалақь Лакоба имҩа, аԥшьбатәи жәеихагылак змоу аҩнаҟны, зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу аилазаара "Строи центр проект" иахьа имҩаԥнагоит алифт ашахта аҭыӡқәа рырӷәӷәаразы аусурақәа.

"Строи центр проект" аиҳабы Алиас Ажьиба иажәақәа рыла, дара рнапы ианҵоу аусурақәа хдырқәшоит ԥхынгәы 10-нӡа. Анаҩс иаанхо, алифт ахаҭа ашьақәыргылара акәхоит.

Ишәгәалаҳаршәоит, 2011 шықәсазы аинвестпрограмма инақәыршәаны Гагра араион аҩнеихагылақәа рҟны ишыԥсахыз 39 лифт.

Ажәабжьқәа зегьы
0