Урыстәылатәи атуристцәа рзы Аԥсны агәаԥхара аҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукУрыстәылатәи атуристцәа.
Урыстәылатәи атуристцәа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атуристтә саит ТурСтат анализ рызнауит 2016 шықәса актәи азыбжазы атуристтә ныҟәарақәа.

АҞӘА, рашәарамза 29 — Sputnik. 2016 шықәса актәи азыбжала Аԥсны урыстәылауаа реиҳа ԥсшьара ҳәа иахьцауа атәылақәа жәаба ираԥхьагылоуп ҳәа аанацҳауеит атуристтә саит ТурСтат.

Аԥсны аамышьҭахь арахь иаҵанакит абарҭ атәылақәа: Финлиандиа, Ҟазахсҭан, Естониа, Китаи, Украина, Таиланд, Польша, Германиа, Литва.

ТурСтат анализқәа рыла Аԥсны ԥсшьараҳәа иалырхит 632 нызқьҩык атуристцәа.

25 тәыла ртоп аҟны Еиду арабтәи Аемиратқәа 11 аҭыԥ аҟны игылоуп. Испаниа, Франциа, Швеицариа, Чехиа, Ҭырқәтәыла, Ермантәыла 100 нызқьҩык рҟынӡа Урыстәылатәи атуристцәа рҭааит.

Астатистиказ афедералтә маҵзура адыррақәа рыла 2016 шықәса актәи азыбжазы атәыла анҭыҵҟа ԥсшьара ицо рхыԥхьаӡара еиҵахеит 9.5% рыла. 5,924 нызқь рҟынтәи 5,361 нызқь рҟынӡа.

"2016 шықәса актәи азыбжазы атәыла анҭыҵҟа ԥсшьара ицо рхыԥхьаӡара ахьеиҳахаз абасала иазгәоуҭар алшоит: Китаи (312 нызқьҩык, +73% 2015 актәи азыбжа иадкыланы), Қырҭтәыла (106 нызқь, +28%) Таиланд (283 нызқь, +13%)" ҳәа арбоуп аресурс аҟны.

Аныҟәарақәа еиҵамхеит, иҟоуп иахьеиҳахазгьы абарҭ ахырхарҭақәа рҟны: Естониа (319 нызқь, —1%) Литва (135 нызқь, —5%), Латвиа — (66 нызқь, +5%).

Аԥсны ижәытәу акультуреи аҭоурыхи змоу дгьылуп. Аиҳарак атуристцәа иалырхуеит аԥхынтәи аамҭа. Усҟан араҟа урҭ ироуеит алшара аԥсабара абарагьы, ашьхарахь ахаларагьы, амшын аҭаларагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0