Аҟәа афитолабораториа аусура аанкылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАџьармыкьа.
Аџьармыкьа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауҭраҭыхи ашәырқәеи рхаҭабзиара аҟәатәи аџьармыкьақәа рҿы имҩаԥырымгоижьҭеи мызқәак ҵуеит, иҳәеит Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Ашот Минасиан рашәарамза 30 рзы.

АҞӘА, рашәарамза 30  – Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәатәи аџьармыкьаҿы ауҭраҭыхи ашәырқәеи рхаҭабзиара гәазҭоз афитолабораториа аусура аанкылоуп, иҳәеит Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Ашот Миносиан

"Аԥсны астандартқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы Аҟәатәи афитолабораториа аҿы агәаҭарақәа мҩаԥнагеит, алабораториа аусураҿы аилагарақәа ыҟан. Агәаҭара алыҵшәақәа ақыҭанхамҩа аминистр Ҭемыр Ешба апрокуратурахь инаишьҭит", — иҳәеит Минасиан.

Минасиан иажәақәа рыла, алабораториа ҩымз инарзынаԥшуа аус ауӡом, уи аамҭазы аџьармыкьахь инеиуа ауҭраҭыхи ашәырқәеи рхаҭабзиара аилкаара мҩаԥыргомызт.

Иара убас иара иазгәеиҭеит, аахәаҩцәа ргәабзиара ҽеимхар аҭакԥхықәра зду аҭиҩцәа шраку, егьырҭ атәылақәа рҟынтә иаарго аалыҵ аҳәаа ианахырго ишгәарҭо.

"Аҭыԥантәи аалыҵ ахаҭабзиара уажәазы аӡәгьы игәеиҭом, аха мчыбжьык анаҩс афитолабораториа аусура иалагоит", — иҳәеит Миносиан.

Аџьармыкьаҿы аус зуа аҭиҩцәа ражәақәа рыла аҵәақәеи, атамақәеи, ажьи, акивии еиҳарак Афгангистан, Ҭырқәтәыла, Чили мамзаргьы Марокконтәи ауп Аԥсныҟа ишаарго.

Аҭыԥантәи ашәырқәеи ауҭраҭыхи рҿынтә ҳара иаҳтәны иҟоуп анаша, апатырџьанқәа, аҳақәа, ауҭраҵыҵындра, абҳәа, аца. Урыстәылантәгьы иааргоит арҭ ашәырқәа.


Ажәабжьқәа зегьы
0