Авирустә кониунктивит аҽарҭбааит

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҵыхәтәантәи хымз рыҩныҵҟа иҭаҩуп авирустә кониунктивит зыхьуа 270-ҩык. Абри атәы ҳзаалыцҳаит ареспублика аофтольмолог хада Татиана Апԥҳа.

АҞӘА, рашәарамза 30 – Sputnik, Роберт Џьапуа. Аԥсны Аҵыхәтәантәи хымз рыҩныҵҟа иҭаҩуп авирустә кониунктивит зыхьуа 270-ҩык. Абри атәы ҳзаалыцҳаит ареспублика аофтольмолог хада Татиана Апԥҳа.

"Аҵыхәтәантәи хымз рыҩныҵҟа иҭаҩуп авирустә кониунктивит зыхьуа 270-ҩык. Акониунктива ашәра — алеи иара аблацәеи рышәроуп иаанаго. Уи ииасыр алшоит аденовирустә кониунктивит ахь. Аденовирустә кониунктивит аан аблагә аԥырхага аиуеит. Еиҳа ашәарҭара иацымларц азы абарҭқәа раан апациентцәа антибиотикқәа рзылырҩаауеит, акапельницақәа рзықәдыргылоит", — лҳәеит лара.

Ареспублика аофтольмолог хада лажәақәа рыла ачымазара аҟазшьақәа дарбанызаалак ибарҭоуп: аблацәақәа чуеит, алаӷырӡ аауеит, аблагә ҟаԥшьхоит.

Лара иазгәалҭеит абарҭ рҩызцәа аҟазшьақәа зхы иадызбалаз иаарласны аҳақьымцәа рахь днеир шакәу.

"Аҳақьымцәа рахь дымнеикәа ахалахыхәышәтәра зҽазызкыз еицәоу ахь ицәкылсыр алшоит", — лҳәеит Апԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0