Маҳинур Папаҧҳа: Омар Беигәаа ишәҟәқәа рҭыжьра аҭахуп

© Sputnik Бадраҟ АҩӡбаОмар Беигәаа игәалашәара иазкыз ахәылҧаз
Омар Беигәаа игәалашәара иазкыз ахәылҧаз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сынтәа 115 шықәса ҵуеит еицырдыруа аҵарауаҩ, апоет, ауаажәларратә усзуҩ, "Ахьӡ-аԥша" актәи аҩаӡара занашьоу Омар Баирам-иԥа Беигәаа диижьҭеи.

АҞӘА, рашәарамза 30 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Еицырдыруа аҧсуа ҵарауҩ, апоет, ауаажәларратә усзуҩ Омар Беигәаа диижьҭеи 115 шықәса аҵра аҳаҭыр азы "Жәлрбжьаратәи афонд Аҧсны" уи игәалашәара иазкыз ахәылҧаз мҩаҧнагеит Аҧсны амилаҭтә библиотека ахыбраҿы.

Ахәылҧаз ашҟа имҩахыҵит аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа, Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуа акультуратә центрқәа рфедерациа аиҳабы Аҳмаҭ Хапат, Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ, Омар Беигәаа акыршықәса аус ицызуаз, уи иҭынха арҿиара аус акыр аџьабаа азызбахьоу Маҳинур Папапҧҳа, аҳәынҭқарра аиҳабыра, ауаажәлар.

Омар Беигәаа - Sputnik Аҧсны
Гогәуа: Омар Беигәаа ихьӡ, илша, иџьабаа, еизҳауа аҿар ирдыруазароуп

Ахәылҧаз иаҭааз бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" аиҳабы Сонер Гогәуа инаҵшьны иазгәеиҭеит аҵарауаҩ ду иҭынха аиқәырхара, уи ҧхьаҟа агара зегьы ируалҧшьаны ишыҟоу.

"Иахьатәи амш змам, уаҵәтәи амшгьы имаӡам", — иҳәеит уи.

Анаҩс, Сонер Гогәуа аиҧылара алахәылацәа Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуа культуратә центрқәа реиҳабы Аҳмаҭ Хапати аҵарауаҩ Маҳинур Папапҧҳаи аҳамҭақәа ранеишьеит.

Маҳинур Папапҧҳа лықәгылараҿы иазгәалҭеит Омар Беигәаа иҭынха аиқәырхараҿы аиҵахарақәа шыҟоу.

"Иахьа уажәраанӡа Омар Беигәаа ииҩыз ашәҟәқәа ҭыжьым, абри даараӡа игха дуны иҳамоуп. Ацәажәараан Омар дуӡӡа ҳҳәоит, аха уи иҟаиҵаз акгьы ҳаздыруам", — лҳәеит уи.

Уи анаҩс, Маҳинур Папапҧҳа далацәажәеит аҵарауаҩ Омар Беигәаа иҭҵаарадырратә ҭынха, уи хәызмаӡам материалқәаны ишыҟоу. Уи лажәақәа рыла, Омар Беигәаа ихьӡ зху аинститут Ҭырқәтәыла аартра шаҭаху.

Ахәылҧаз аҿы ицәажәоз аҵарауаа, ашәҟәыҩцәа иазгәарҭон Омар Беигәаа иҧсадгьыл дшацәыхаразгьы уи аҭоурых дшазҿлымҳаз, ижәлар рҵасқәаеи рқьабзқәеи рыҭҵаара аџьабаа ду шадибалоз.

Аҵарауаа иара убас, Омар Беигәаа инапылаҩырақәа рцыҧҵәахақәа ирыҧхьон. 

Омар Беигәаа — аҭоурыхҭҵааҩы, афольклорист, апоет, Ҭырқәтәыла иқәынхо аԥсуа диаспора рдоуҳатә ԥхьагылаҩцәа дыруаӡәкын. Уи ҵарала дынџьнырын, аха иуаажәлар рҭоурых рқьабз аҭҵаара аус адиуылон.

Ажәабжьқәа зегьы
0