Аӡынба: аԥсуа ган иеиҵанатәыроуп хабарда ибжьаӡыз рсиа

© SputnikАԥыза министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамил Аӡынба
Аԥыза министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамил Аӡынба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥыза министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамил Аӡынба 1992-1993 шықәсқәа рзы ақырҭуа-аԥсуа еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ирызку акомиссиа аусура аихшьаалақәа мҩаԥигеит.

АҞӘА, рашәарамза 30 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа ган иеиҵанатәыроуп хабарда ибжьаӡыз рсиа, иҳәеит Аԥсны Аԥыза министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамил Аӡынба, 1992-1993 шықәсқәа рзы ақырҭуа-аԥсуа еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ирызку акомиссиа аусура аихшьаалақәа рымҩаԥгара иазкыз абрифинг аан.

"Ҳара аинтерес ҳамоуп хабарда ибжьаӡуп ҳәа иаҳаԥхьаӡо рсиа аиҵатәра. Ҳәарас иаҭахузеи иаарԥшхо ақырҭуа ар рыԥсыбаҩқәа Қырҭтәылаҟа иҳашьҭуеит. Урҭгьы ирымоуп анацәа. Иахьазы иҟоуп ақырҭуа сиа – уа хабарда ибжьаӡит ҳәа иарбоуп ҩ-нызқь инареиҳаны ауааԥсыра, иҟоуп аԥсуа сиа – 177-ҩык ауааԥсыра ахьарбо. Урҭ рҟынтәи 37-ҩык рхаҭара шьақәыргыланы рҭаацәа рыԥсыбаҩқәа раҳҭахьеит", — иҳәеит Аӡынба.

Иара убри аан иазгәеиҭеит ақырҭуа ган хабарда ибжьаӡыз ақырҭцәа рганахьала мацара аинформациа ҳарҭо ҳалагар, ҳусура аанаҳкылар алшоит ҳәа.

Шамил Аӡынба иара убасгьы ааԥхьара ҟаиҵеит аибашьра ашьҭахь аҩбатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа ааигәара зыԥсыбаҩқәа рбаз рҭаацәа ДНК анализқәа арҭарц.

"Ҳара зегьы ныҭкааны еилҳаргароуп. Иҟалар алшоит ҳақалақь агәҭа джызар зҭаацәа иахьагьы зхабар рзымддыруа аибашьҩы. Акомиссиахь шәыдҵаал. Сара сахь шәыдҵаал. Апроцедура минуҭбжак аҟароуп уахьадхало", — иҳәеит Аӡынба.

Шамил Аӡынба иазгәеиҭеит иҟалар шалшоз аԥсыбаҩ аԥшаараан аилагарақәа. Уи инагӡаны аилкааразы иаҭахуп ДНК анализ ҳәа. Иара аҽазныкгьы ауацәеи аҭынхацәеи ашәахьа, ԥхынгәы 4 инаркны Аминистрцәа Реилазаарахь идҵааларц аҳәара риҭеит, иҟоу аҭагылазаашьа еиҳа инарҭбааны аилкааразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0