Аоппозициа Апрокуратура хада алкаақәа ирықәшаҳаҭым

© SputnikПрокуратура.
Прокуратура. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареферендум амҩаԥгаразы аԥшьгаратә гәыԥ аштаб аҟны имҩаԥысит Аԥсны аоппозициатә мчқәа Рблок апресс-конференциа.

АҞӘА, рашәарамза 30 – Sputnik, Бадри Есиава. Ареферендум амҩаԥгаразы аԥшьгаратә гәыԥ аштаб аҟны имҩаԥысит Аԥсны аоппозициатә мчқәа Рблок апресс-конференциа. Дара ақәшаҳаҭым Аԥсны Апрокуратура хада 2014 шықәса лаҵарамзазтәи ахҭысқәа ирнаҭаз ахәшьара. Абри атәы иҳәеит Афонд "АԤРА" аиҳабы Аслан Бжьаниа.

"Аԥсны Апрокуратура хада лаҵарамза 27 2014 шықәса рзы аҭыԥ змаз ахҭысқәа рҟны цәгьоура рымбаӡеит. Ҳара уи ҳақәшаҳаҭым. Ацәгьоура аҭыԥ шамаз узырбо авидеоматериалқәа рыдаагалеит", — иҳәеит Бжьаниа.

Аслан Бжьаниа игәаанагарала ари аҩыза аҭак азакәанқәеи Аконституциеи ирҿагылоит.

Асоциал-економикатәи аполитикатәи ҭҵаарақәа Рфонд аиҳабы Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит аоппозициатә мчқәа аӡбарҭахь ашшыԥхьыӡ анашьҭра ргәы иҭоуп ҳәа.

Аԥсны аоппозициатә мчқәа Рблок жьҭаарамза, 2015 шықәса рзы Апрокуратура хадахьы ашәҟәы нарышьҭит лаҵарамзазтәи ахҭысқәа ахәшьара арҭарц.

Лаҵарамза 27 2014 шықәса рзы атәыла Ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа еизеит анапхгара рполитика згәамԥхоз атәыла ауааԥсыра. Ауаа рҽеизыргон рашәарамза 1 2014 шықәса рзынӡа. Атәыла Ахадас иҟаз Александр Анқәаб инапынҵақәа аанижьаанӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0