Аԥснытәи "Шьчукинаа" Аҟәа имҩаԥыргеит акласс-концерт

© Sputnik / Томас ТхайцукШьчукин ихьӡ зху аинститут аԥсуа студиа астудентцәа ргәыԥ аԥшьаша, рашәарамза 30 рзы имҩаԥнагеит акласс-концерт.
Шьчукин ихьӡ зху аинститут аԥсуа студиа астудентцәа ргәыԥ аԥшьаша, рашәарамза 30 рзы имҩаԥнагеит акласс-концерт. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аконцерт - атеатртә ҵараиурҭа астудентцәа рыпрактика ихымԥадатәиу хәҭоуп лҳәеит Шьчукин ихьӡ зху аинститут аԥсуа студиа асахьаркыратә напхгаҩы Елена Одинцова.

АҞӘА, ԥхынгәымза 1 – Sputnik, Владимир Бегунов. Шьчукин ихьӡ зху аинститут аԥсуа студиа астудентцәа ргәыԥ аԥшьаша, рашәарамза 30 рзы имҩаԥнагеит акласс-концерт.

Елены Одинцова лажәақәа рыла апрограмма ҩ-хәҭакны ишан. Актәи акласс-концерт мҩаԥысит аԥшьаша, рашәарамза 30 рзы.

Аҩбатәи аконцерт мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәы аказы. Еиуеиԥшым апиесақәа ааба ирылххоит.

© Sputnik / Томас ТхайцукКласс-концерт студентов абхазской студии Театрального института имени Б.Щукина
Класс-концерт студентов абхазской студии Театрального института имени Б.Щукина  - Sputnik Аҧсны
Класс-концерт студентов абхазской студии Театрального института имени Б.Щукина

Акамератә зал ҩндырҭәаауеит ахәаԥшцәа. Арахь иааит аԥсуа студентцәа ҩышықәса рыҩныҵҟала ирҵаз збарц зҭаххаз рҩызцәа, рыуацәа, рдырцәа.

Шьчукин ихьӡ зху атеатртә институт аҟны аҳәынҭқарратә программала аҵара иҭалоит 12-ҩык Аԥснытәи аҿар. Аҩбатәи акурс ахь ииасит ааҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0