Иультәи ажәылара агәаларшәара

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуа ар иультәи ржәылара иазкыз агәалашәаратә уснагӡатәқәа мҩаԥысит Аҟәа.
Аԥсуа ар иультәи ржәылара иазкыз агәалашәаратә уснагӡатәқәа мҩаԥысит Аҟәа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ар иультәи ржәылара иазкыз агәалашәаратә уснагӡатәқәа мҩаԥысит Аҟәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 1 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа ар иультәи ржәылара иазкыз агәалашәаратә уснагӡатәқәа мҩаԥысит Аҟәа. Владислав Арӡынба ихьӡ зху амузеи аҟны ашколхәыҷқәа рыԥхьон иультәи ажәылара алахәылацәа рымшынҵақәа.

Ашколхәыҷқәа иара убасгьы иаԥхьон иҭахаз ирызкыз ажәеинраалақәа, ажәылара алахәылацәа ирызкыз агәалашәарақәа.

Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә музеи аҟны иара убасгьы имҩаԥысит раԥхьатәи аҭҵаарадырратә конференциа, ианартәии иультәии ажәыларақәа ирызку.

"Ҳара иҳаӡбеит имҩаԥаагарц рацәак идуум аконференциа абри амш иазкны. Ҳара ҳзы акраҵанакуеит урҭ аамҭақәа аҿар дырдырра", — лҳәеит амузеи адиректор Мзиа Беииаԥҳа.

Аконференциаҟны ажәахәқәа ҟарҵеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аспирантцәеи астудентцәеи, Агуманитартә ҭҵаарақәа ринститут аусзуҩ иара убасгьы Аҟәатәи арратә ҵараиурҭа акурсант.

Акультура аминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа иқәгылараҟны иазгәеиҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьра иазку афильмқәа рҭыхразы агранттә система шеиҿкаатәу. Иара игәаанагарала уи иалнаршоит аҿар аибашьра аҭоурых радҳәалара.

Леонид Боџьгәуа. - Sputnik Аҧсны
Боџьгәуа: еснагь сыбла ихгыло - иҭахаз сҵаҩцәа роуп

Ражәахәқәа рҟны аҵарауаа қәыԥшцәеи астудентцәеи иазгәарҭеит инарҭбааны ииультәи ажәылара амҩаԥысшьа, иара аҵакы.

Аиԥылараан идырбан архивтә фотосахьақәа, ахроникатә кадырқәа.

"Ҳадгьыл аҟны еибашьра ҟамлааит. Иҳауааит ҳахшара аҭынчаамҭа ралааӡара", — иҳәеит иультәи ажәылара алахәыла Заур Саманба.

Аконференциа мҩаԥысит Ахьӡ-аԥша апарк аҟны ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ашьҭахь.

Ԥхынгәы 2 1993 шықәса рзы Тамшь ақыҭан иӡхыҵит 300-ҩык инарзынаԥшуаз аԥсуа десант. Мрагыларатәи афронт аибашьцәеи Гәдоуҭантәи иӡхыҵыз адесант аибашьцәеи иааныркылеит ақырҭуа ари аџьаԥҳани злаиаргоз ареспубликатә трасса хада.

Абри ашьҭахь афронтқәа зегь рҟны еицымҩаԥган ажәыларатә операциа.

Ажәабжьқәа зегьы
0