Джаз&Блюз фестиваль "Черноморская Ривьера" Аԥсны

© Sputnik / Томас ТхайцукДжазмены братья Бриль
Джазмены братья Бриль - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи Джаз&Блюз фестиваль "Черноморская Ривьера" раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥысуеит ԥхынгәы акы азы. Афестиваль иалахәхоит Тамара Воронова, Давид Терзиан напхгара зиҭо акамератә оркестр, аоператә шәаҳәаҩы Нана Черқьезиа, квинтет Brill Brothers.

Аишьцәа Брильаа Аԥсныҟа раареи Аԥсны раԥхьатәи Джаз&Блюз фестиваль "Черноморская Ривьера" амҩаԥгара аидеиеи ртәы далцәажәеит аджазмен Александр Бриль ҳкорреспондент Анжелика Бениаԥҳа аинтервиу анлиҭоз.

– Александр Игор-иԥа, раԥхьатәи Аԥсныҟа шәаара шәаҳзалацәажәа. Уи зыдҳәалааз, насгьы ишԥашәгәалашәо?

–1998 шықәса рзы акәын. Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа хьанҭа. Аибашьраанӡа ишәҭуаз атәыла ссир аҽазеиҵыхуамызт. Саара мзызс иамаз – сыԥшәмаԥҳәыс Аԥснытәиуп.

– Шәыԥшәмаԥҳәыс аԥсуа ҭаацәара далҵма?

– Аԥсуа ҭаацәара далҵит сызҳәом. Милаҭла ибырзенқәоуп, аха Аҟәа инхон аханатә аахыс. Аибашьраан Аԥсны ииалҵны имцеит. Цухникас рыжәлоуп.

– Шәыԥшәмеи шәареи Аԥсны шәеибадырма?

–Мап. Ҳара Москва ҳаибадырит. Ачара аԥхьа ақьабз ишаҳәо еиԥԥш лҭаацәеи сареи ҳаибадырыр акәын. 1998 шықәса рзы Ешыраҟа ҳааит.

–Ишеилыскааз ала раԥхьатәи Жәларбжьаратәи Джаз&Блюз фестиваль "Черноморская Ривьера" амҩаԥгара аидеиа шәара ишәтәуп. Уи шԥаҟалеи?

– Сара ес-ԥхынра сыԥшәмаԥҳәыс сллыцны лҭаацәа рахь ҳаалон. Аидеиа акәзар иааинырслашәа ицәырҵыз акоуп. Аибашьра ашьҭахь маҷ-маҷ аиҭашьақәгылара аамҭа ааит. Фбаҟа шықәса раԥхьа сгәы иснаҭеит – аджаз иатәу џьара акы еиҿкаазар цәгьамызт ҳәа.

– Раԥхьа адгылара шәызҭада?

–Аԥсны дынхоит еицырдыруа адирижиор Давид Терзиан. Иареи сареи аиуарагьы ҳамоуп. Зны сасра саннеиз ҳаицәажәараан сара исҳәеит минифестивальк мҩаԥгазар цәгьаммызт ҳәа. Абас ихацыркхеит иахьатәи аус.

Адырҩаҽны афилармониаҟны снеиит. Ҳаибадырит ииара асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьениаԥҳаи сареи. Лара лус даара бзиа илбоит. Динтузиаступ.

Араҟа зегьы аныҳәа уазнархиоит. Ареспублика ауааԥсыреи асасцәеи ирҭахуп акультуратә ԥсҭазаара ҭбаа. Аԥсны иамоуп аджаз атрадициа бзиақәа. Аибашьра ҟалаанӡа уи инапы алакын Александр Есебуа, араҟа аус ауан аджазтә бенд, сабхәагьы уа далан, аӡбахәқәагьы акыр сзеиҭеиҳәахьан.

Уажәы ҳара иаҳҭахуп афестиваль "Черноморская ривьера" амҩаԥгара. Афестиваль иалахәуп Давид Терзиан еиԥш Денис Ҳагба (абарабан арҳәаҩы) уи сара Москва джем-сеишнк аҟны дызбеит. Иаразнакгьы издырит сицықәгылар шысҭахыз.

– Уажәазы Аԥсныҟа шәашьеи шәареи шәеицааит. Шәашьа ишәырбахьоума Аԥсны?

– Аиашазы, раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа ҳанааз фба-фба шықәса ракәын иаҳхыҵуаз. Убри азы акгьы ҳгәалашәаӡом. Уажәазы иара ицааит иԥҳәыси ихәыҷқәа хҩыки.

Ҳара 400 инареиҳаны қалақь ҳархысхьеит. Иҟоуп атәылақәа хәынтә-хәынтә ҳахьцахьо. Аҟәа даара аинтерес змоу қалақьуп. Сашьеи иҭаацәәеи Аҟәа аԥсҭазаара ыҟоу иҟаму рбарц иааит. Иҟоуп Аҟәа аԥсҭазаара.

– Шәара ишәҳәеит фы-шықәса анышәхыҵуаз Аԥсныҟа шәааит ҳәа…

– Ааи. Ҳанду ҳлыцын. Аброуп аӡсара ахьысҵазгьы.

–Избан аджаз? Шәаб, аджазтә пианист Игорь Бриль иоума изхароу иҟашәҵаз алхра?

– Ирацәаҩуп абри иазҵаауа. Саб агастрольқәа рахь данцоз иааигон аджазтә винилтә пластинкақәа. Иара усура данцалак сашьеи сареи урҭ ҳарзыӡырыҩуан, саб азин шҳаимҭозгьы. Аусурахь даанаскьаганы икабинет ахь ҳаҩуан. Москва имҩаԥысуаз аджазтә концертқәа рахьгьы ҳаргон. Уигьы анырра ҳнаҭеит. Асаксафонқәа, абарабанқәа, абыкьқәа – оумашәа ҳрыдырхалон.

–Шә-квинтет "Brill Brothers" шԥеиҿышәкааи?

– 1982 шықәса рзы ҳара Дунаевски ихьӡ зху амузыкатә ҵараиурҭа ҳҭалеит, аклорнет акласс ала. 1987 шықәса рзы Гнессинаа рҵараиурҭа ҳҭалеит — асаксафон акласс ала. Аҩбатәи акурс аҟны еиҿаҳкааит раԥхьатәи ансамбль. Иара иалахәын Иаков Окунь (афортепиано), Едуард Зизак (аударнықәа) Игорь Иванушкин (абас). 1993шықәса рзы ансамбль Бухарест (Румыниа) имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аконкурс аҟны Гран-при анашьахеит.

1990 шықәса рзы саб иаԥиҵаз ансамбль "Игорь Бриль и Новое Поколение" ҳалалеит сашьеии сареи.

– Афестиваль "Черноморская Ривьера" Аԥсны раԥхьатәи шәықәгылара аума?

–Ааи. Маҷкгьы ҳагәқәа хыҭ-хыҭуеит. Иуҳәар ауеит апремиера ҳамоуп ҳәа. Сгәы иснаҭоит ҳақәгылара Аԥсны аджаз аиҭаҿиара акәны иҟалап ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0