"Эдельвейс" Аԥснытәи ашьхақәа рыҟны

© Sputnik Владимир БегуновВасили Шишин
Васили Шишин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аан анемеццәа ирымпыҵахалан иҟаз аԥсыуа қыҭа заҵәык акәын - Ԥсҳәы. Ԥшьынҩажәа шықәса зхыҵуа, Ԥсҳәы инхо Васили Шишин Sputnik иазеиҭеиҳәеит усҟантәи аамҭақәа рҭоурых.

Sputnik, Владимир Бегунов

"Сан анбан "р" аҳәара лцәыуадаҩын. Гәылак "буриоу џьышьа брымшьааит алемсаа" ҳәа леиҳәеит. Ларгьы дшәаны сашьеи сареи ашьхарахь ҳлыман дхалеит. Аоккупациа раԥхьатәи ауха, убра ашьхараҟны, ҳаԥык аҿы иаҳхаагеит. Анемеццәа ҳанхарахь инеит, аха аӡәгьы дахымкәа ианырба зыԥсы ҭаны ирбаз зегь шьны аҽа ҩнык ахь ицеит ԥхьара ҳәа", — игәалаиршәоит Васили Шишин.

Ҳара ҳалацәажәоит 1942 шықәса, нанҳәамза. Васили Шишин ақыҭаҟны зегьы дырдыруеит. Иареи сареи ҳаибадырра ахы акит ақыҭа аҭоурых сзеиҭашәҳә ҳәа иҟасҵаз аҳәарала. Иаразнакы аҩныҟа снеиԥхьеит. Астол дырхиеит.

"Ҳар ҿагыларада ақыҭа аанрыжьит. Нас жәабыжьны ирҳәон, Ԥсҳәы аанзыжьыз асолдаҭцәа зегьы ашьхахыҵырҭаҟны НКВД аруаа рԥылеит, иагьаԥырырхит ҳәа. Ақыҭа ахы иақәиҭыртәуан иааинырслан еиҿкааз архәҭақәа. Аиашареи амцреи сзалацәажәом, аха абасеиԥшқәа рҳәон", — иҳәоит Васили Шишин.

Васили Шишин иажәақәа рыла иани, иашьеи, иареи адырҩаҽны иахылеит анемеццәа еимырҵәаз рыҩны.

© Sputnik Владимир БегуновПамятник в селе Псху
Памятник в селе Псху - Sputnik Аҧсны
Памятник в селе Псху

"Аа-мшы, анемеццәа Ԥсҳәы игыланаҵы ҳаҩны ҳахын. Аҵахәтәантәи амш азы анемец командир даакылсын "араҟа аштаб ҟалоит. Шәахыҵроуп" иҳәеит. Сан диҳәо далагеит адәны ихьҭоуп ахәыҷы ԥшқа дсыцәҵаауеит ҳәа. Анемец ахчқәа ҩба аашьҭихын, руак сашьа хәыҷы дныларшәны егьи наиқәиҵеит "абас дныжьны шәца" иҳәеит.

Васили Шишин ишиҳәо ала ауха иабдуи иареи арахәҭра ахыб иқәтәан. Шьыжьнаҵы урҭ ирбон анемеццәа санчаратәи акаҵәарахь рхы рханы ишцоз.

"Нас ахысрақәа ирылагеит. Ҳар анемеццәа ԥхьарцеит", ҳәа еиҭеиҳәоит Васили Шишин.

Ҳаицәажәараан аԥшәма имоҭа хәыҷы Лиза ҳамаҵ луан. Ахәыҟаҵарҭа дныҩналон, даадәылҵуан. Шишинраа рымацара роуп Ԥсҳәы ажәытә ԥечқь аҟны ача зӡуа.

Ақыҭа 760 метра амшын иахыҳәҳәоит. Астратегиатә ҟазшьа аманы иҟан. Плацдарымк аҳасабала рхы иадырхәарц рҭахын.

© Sputnik Владимир БегуновПамятник освободителям села Псху
Памятник освободителям села Псху - Sputnik Аҧсны
Памятник освободителям села Псху

Шишин ишиҳәаз ала ақыҭа анемеццәа рнапаҿы иҟанаҵ ҳаруаа рҽазыршәахьан Ԥсҳәы ахақәиҭтәра, аха иалымшеит. Араҟа игылаз анемец ар иреиӷьыз агәыԥ "Эдельвейс" акәын. Урҭ хыхьынтәи Ауадҳара аганахьала инеиуаз асовет аруаа зегьы ндырҵәеит, иҳәеит иара, — аӡәызаҵәык даанхеит. Уи дҳәазаны санду лҟны днеиит. Лара дылҵәахит, ихәрақәагьы ҿылыӡәӡәааит. Иҿалҳәеит. Нас ақыҭа асовет аруаа рнапахьы ианаарга, урҭ дрыцны дцеит".

Васили Шишин иажәақәа рыла Ԥсҳәаа 75-ҩык аибашьра ицеит. Иара иабгьы Харков ақалақь ахақәиҭтәраан дҭахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0