Аԥсар ҿыц "АҞӘА" ҭыжьуп

© Sputnik Томас ТхайцукАмилаттә банк.
Амилаттә банк. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь Ахадараҟны иаԥҵоу, аҳҭнықалақь аиубилеи азгәаҭаразы акомиссиа иаднакылеит аӡбра – ақалақь Амш азгәаҭазарц ԥхынгәы раԥхьатәи асабшазы.

АҞӘА, ԥхынгәы 5 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Аҳәынҭқарратә банк ирыланаҳәеит ишыҭнажьыз Аҟәа ақалақь аиубилеи иазку агәалашәаратә ԥсар "АҞӘА". Абри атәы аанацҳаит ақалақь Ахадара апресс-маҵзура.

"Амонета 925 араӡны апробеи ахьы 999 апробеи ирылхуп. Акапан 34 грамм иҟоуп. 1000-цыра ҭыжьуп. Ахьӡы зҿыкәыршо амонетақәа 500 цыра ҭыжьуп. Номиналла иартәоит 10-ԥсарк", ҳәа аҳәоит аҳҭнықалақь Ахадара аофициалтә саит.

Амонета адизаинер, Аҟәа асахьаҭыхыҩ хада Руслан Габлиа еиҭеиҳәеит аескиз шаԥҵази иара ианны иҟоуи.

"Ҳара акыр вариант ҳрыхәаԥшит. Иаҳҳәап Баграт ишьха, Аҟәатәи абаа аҭӡы уҳәа аха нас ҳазааҭгылеит ақалақь Ахадара ахыбра", — иҳәоит Габлиа.

"Аҩыра "АҞӘА" акәзаргьы иаразнакы иалхмызт. Иҟан версиақәаны "Диоскуриа" "Сухум". Акыр азхәыцрақәа рышьҭахь "АҞӘА" иазааҭгылан", — иҳәоит иара.

"Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ҳәа иашьҭан Диоскураа рхаанӡагьы. Урҭ Аҟәа ааигәароуп Диоскуриа ахьаԥшьыргаз. Абри атәы иҳәоит ҳаклассик Алықьса Гогәуа ишәҟәы "Аҟәа-Сухум" аҿы", ҳәа еиҭеиҳәоит асахьаҭыхыҩ.

Аҟәа амш ашьақәырӷәӷәаразы акомиссиа аԥҵан 2015 шықәса рзы. Иара убысҟан имҩаԥган анаука-практикатә конференциа "Древняя Диоскуриада".

Ажәабжьқәа зегьы
0