АҞӘА, ԥхынгәы 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Алагер "Лидер 2016" иалнаршоит аҟыбаҩи аҟазазреи злоу ахәыҷқәа ралыԥшаара ҳәа Sputnik акорреспондент иалҳәеит Аҿартә политиказы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы апресс-маӡаныҟәгаҩ Лана Аԥшьлааԥҳа.
"Хықәкны иҳамоу асеиԥш иҟоу алагерқәа рҟны аҟыбаҩи аҟазареи злоу ахәыҷқәа ралыԥшаара ауп. Нас урҭ резервны, аус рыдаауло ҳалагон. Алагер аҳәаақәа ирҭагӡаны аус рулоит асеминарқәа, атренингқәа", — лҳәеит лара.
Лана Аԥшьлааԥҳа иазгәалҭеит алагер ишалахәхо ақалақь ҿар реиԥш ақыҭа ҿаргьы.
"Сынтәа ҳара ҩеижәа ҭыԥ рзалаҳхуеит агәыҳҳалалрартә еиҿкаара "Кьараз" хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа", — лҳәоит лара.
Апресс-маӡаныҟәгаҩ лажәақәа рыла алагер ҩ-потокны имҩаԥгахоит.
"Ԥхынгәы 25 – 30 рзы актәи апоток мҩаԥысуеит, аҩбатәи – нанҳәамзазы. Сынтәа иазыԥхьагәаҭоуп ҩынтәны еиҳаны аҿар Ауадҳараҟа рхагалара", — лҳәоит лара.
"Ҵыԥх 17 инаркны 25 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аҵанакуазар, сынтәа 28 шықәса рҟынӡа ихаагалеит", — лҳәоит Аԥшьлааԥҳа.
Аҵаратә лагер "Лидер 2016" мҩаԥысуеижьҭеи ҩынтәуп.