00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Ҟрым арт-кластер "Таврида" иҟоу амҿтәы ҩны дырԥшӡеит
13:48
8 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥснытәи аԥсылманцәа аныҳәа азгәарҭеит

© SputnikАԥснытәи аԥсылманцәа аныҳәа азгәарҭеит.
Аԥснытәи аԥсылманцәа аныҳәа азгәарҭеит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ураза-баирам аныҳәала ихыркәшахеит аԥсылмантә мзар Рамадан иԥшьоу амзақәа руакы.

АҞӘА, ԥхынгәы 7 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аҟәатәи аџьаамахьы аныҳәахь инеиит зықьҩык инареиҳаны Аԥснытәи аԥсылманцәа, ҳәа ҳкорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аԥснытәи аԥсылманцәа Иаку рдоуҳатә усбарҭа ахантәаҩы Салих Кәарацхьелиа.

"Аԥснытәи аԥсылманцәеи адунеи аԥсылманцәа зегьи ирыдысныҳәалоит аныҳәамш. Иахьа имҩаԥысуеит ихымԥадатәиу аныҳәатә матанеира. Иахьатәи аныҳәахь иааиит зықьҩык инареиҳаны аԥсылманцәа", ҳәа азгәеиҭеит Кәарацхьелиа.

Иара иажәақәа рыла Рамадан мзазы аԥсылманцәа аурычра иҵалоит адоуҳатәи ацәеижьтәи ҽрыцқьаразы.

"Рамаданмзазтәи аурычра иазыԥхьагәанаҭоит шьыжьы инаркны амра ҭашәаанӡа афатәи аӡи рыдымкылара. Абри иқәымныҟәар зылшо згәабзиара уашәшәыроуи, ахәыҷқәеи ибыргқәоуи роуп. Аурычра аԥсылманцәа зегьы рзы ныҳәа дууп", — иҳәеит Кәарацхьелиа.

Аурычра иҵоу ауаҩы ихы-иԥсы ааникылоит, Аллаҳ дышимҵахырхәо ааирԥшуеит. Уи Иаҳхылаԥшхәу уизааигәанатәуеит.

Салих Кәарацхьелиа иара убасгьы иҳәеит апарк "Алакә" аҟны ахәыҷқәа рзы хәыда-ԥсадатәи аттракционқәа аус шыруаз, аниматорцәа злахәыз апрограмма шеиҿкааз.

Аԥсылманра аканонқәа инарықәыршәаны Рамадан амза алагара ҳәаақәырҵоит ҩ-хкык рыла: ҿыц игылаз амза абара алыршарала, ма ииасуа амза 30-мшы рыла ахыркәшарала.

Сынтәа иара алагеит рашәарамза 6 ауха.

Ажәабжьқәа зегьы
0