АҞӘА, лаҵарамза 9 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аҟәа ақалақь амш азгәаҭаразы аконцерт мҩаԥган Аҟәатәи астадион "Динамо" ахыбраҟны лаҵарамза 9 аҽны. Еизаз зегьы аҳтнықалақь амшныҳәа рыдиныҳәалеит Аҟәа ақалақь ахада Адгәыр Харазиа.
"Ҳақалақь атоурых даара иҵаулоуп, иахнагахьеит ауадаҩрақәа рацәаны, аха иахьа уажәраанӡа доуҳа мчык ҳаиқәнархоит, анцәа иаҳцәыумырӡын уи амч. Иҳамаз аидгылара иҳалнаршеит аибашьра аҟны аиааира агара. Ҳаидгылар, ҳаилибакаар иарбан иахьа иҳалымшо, ҳамч еибыҭаны иҳарԥшӡап ҳақалақь", — ҳәа иҳәеит Ҳаразиа.
Иара иажәақәа рыла, ақалақь Аҟәа амш азгәаҭараз Аԥсны иааны иҟоуп асасцәа аӡәырҩы.
Аофициалтә хәҭа анаҩс, Аҟәа ақалақь ахадара акультура аҟәша аусуҩцәа рымчала еиҿкаан аныҳәатә концерт. Уи иалахәын аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩцәеи, еиуеиԥшым ансамбльқәа рыкәашацәеи.
Апрограмма зегьы еихшан аҭоурыхтә аамҭақәа рыла. Уи, Диоскуриада раамҭа, аԥсҳа Леон напхгара анаиҭоз аетап, Османтәи аимпериа, Асовет аамҭа, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәа аазырԥшуаз ақәыргыламҭақәа. Ҷыдала иазааҭгылан Аҟәа ахақәиҭтәра атема. Еизаз аекран аҟны идырбан аҭоурыхтә фильмқәа рыҟнытә ацыԥҵәахақәеи, иахьатәи аҭынч ԥсҭазаара аазырԥшуа акадырқәеи.
Аныҳәа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон мызкы аҩныцҟа.
Аԥсны аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь Аҟәа 2500 шықәса ахыҵра амш азгәаҭара азыӡбан ԥхынҷкәын 4 рзы Аԥсуа музеи аҟны имҩаԥгаз анаука-практикатә конференциаҟны. Уаҟа ишьақәдырӷәӷәеит ақалақь Амш ԥхынгәы раԥхьатәи асабшазы имҩаԥгалазарц.