Афестиваль аҳкәажә Хьыбла Гьерзмааԥҳа асасцәа лыдылкылоит

© Foto / из личного архива Хиблы ГерзмаваХьыбла Гьерзмааԥҳа.
Хьыбла Гьерзмааԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
XV аиубилеитә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" ахь абилеҭқәа раахәара алшоит Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр акассаҟны ԥхынгәы 12 инаркны, ҳәа адырра ҳалҭоит Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха аиқәырхареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik, Бадри Есиава. Хьыбла Гьерзмааԥҳа лиубилеитә фестиваль аҟны асцена лырлашоит колхаа раҳкәажә Медеиа лхаҿрала. Афестиваль мҩаԥысраны иҟоуп Диоскураа рыԥшаҳәаҟны, нанҳәамза 3-4 рзы. Абри атәы ҳзеиҭалҳәеит Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха аиқәырхареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

XV аиубилеитә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" сынтәа иубилеитәуп, иҷыдоуп. Иара аконцерттә программақәа ҩба рыла ишьақәгылоуп. Имҩаԥгахоит Диоскураа рыԥшаҳәаҟны аҭоурых-культуратә ҳәырԥсарра "Аҟәа абааҟны". Уажәазы уи аҭыԥ арыцқьареи аиҿкаареи рзы аусурақәа мҩаԥысуеит", — лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Хьыбла Гьерзмааԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Хьыбла Гьерзмааԥҳа: Иурмала Пицунда сгәаланаршәоит

Афестиваль асасцәа дахьқәа ракәны иааԥхьоуп аспектакль "Медеиа" арежиссиор Александр Титель, адирижер Феликс Коробов, ақәыргылаҩ Владимир Арефьев.

Арсалиаԥҳа лажәақәа рыла афестиваль ҩ-программак рыла еиҿкаауп. Актәи амш аҽны афестиваль аҭааҩцәа ирылшоит аоператә спектакль "Медея" (Луиджи Керубини, ақәыргылаҩ — Александр Титель) абара, аҩбатәи амш азы аџьазтә пианист Даниил Крамери итрио "Опера. Джаз. Блюз" дрыцықәгылоит Хьыбла Гьерзмааԥҳа.

XV аиубилеитә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" ахь абилеҭқәа раахәара алшоит Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр акассаҟны ԥхынгәы 12 инаркны лҳәеит Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха аиқәырхареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

Жәларбжьаратәи афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" еиҿкаан 2001 шықәса рзы, Аԥсны имҩаԥысуан. 2014 шықәса рзы Москва, К. С. Станиславскии В. И. Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Амузыкатә театр аҟны имҩаԥысит. 2015 шықәса рзы XIV афестиваль Вена, Музикфераин азал аҟны имҩаԥган. 2016 шықәса рзы – Швеицариа, Санкт-Морице.

Ажәабжьқәа зегьы
0