Гоов: ашықәс нҵәаанӡа ахәышәтәырҭақәа зегьы мыругала еиқәыршәахоит

© Sputnik / Юрий Стрелец / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Андзор Гоов адырра ҟаиҵеит урыстәылатәи аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсныҟа ишаауа амедицинатә мыругақәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 12– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 2016 шықәса анҵәамҭазы ихыркәшахоит ахәышәтәырҭақәа зегьы мыругала реиқәыршәара. Абри атәы иҳәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Андзор Гоов аҩаша, ԥхынгәы 12 рзы имҩаԥигаз абрифинг аҟны.

"Акомплекстә план аҳәаақәа ирҭагӡаны уаанӡатәи аилацәажәара инақәыршәаны Аԥснытәи ахәышәтәырҭақәа амедицинатә мыругақәа рыла еиқәыршәахоит. Мышқәак раԥхьа иааган арыҩшьыгатә аппаратқәа. Ҳара урҭ еихаҳшеит: хԥа Ареспубликатә хәышәтәырҭа иазынҳажьит, егьырҭ, Арыԥҳачымазаратә диспансери, Аонкологиатә хәышәтәырҭеи, Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭеи ираҳҭеит", — иҳәеит аминистр.

"Ҳара иара убасгьы ҳазыԥшуп нанҳәамза анҵәамҭазы аелектрокардиографқәа, аонкологиатә хәышәтәырҭаз алабораториа", — иҳәеит иара.

Андзор Гоов иазгәеиҭеит 2015-2016 шықәсқәа рзы амедицинатә мыругақәа раахәара ишазоужьу 368 миллион мааҭ аԥара.

368 миллион рҟынтәи ахархәара рызуп 96%.

Ашықәс нҵәаанӡа иахәҭоу мыругала еиқәыршәахоит Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҩбатәи акорпус, Арыԥҳачымазаратә диспансер, Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа.

Ажәабжьқәа зегьы
0