АҞӘА, ԥхынгәы 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Андзор Гоов аҩаша, ԥхынгәы 12 рзы имҩаԥигаз абрифинг аҟны иҳәеит еиҭашьақәыргылоу арыԥҳачымазаратә диспансер иаарласны аусура иалагоит ҳәа.
"Ахыбра хиоуп. Иаанханы иҟоу аӡеизакырҭоуп. Уи азгьы аԥарақәа азоурыжьхьеит. Иаарласны зегь хыркәшахоит", — иҳәеит Гоов.
Уаанӡа Арыԥҳачымазаратә диспансер адиректор Џьумбер Гоԥиа иаҳзааицҳахьан Арыԥҳачымазаратә диспансер ахыбра аҭагылазаашьа инамаданы ачымазцәа ара ишырзымхәышәтәуа атәы.
"Стационарла ахәышәтәра иахысуа арыԥҳачымазара алазырҵәар зылшо абациллиартә чмазцәа роуп. Дара урҭгьы ахәышәтәырҭа аҿахыб аҟноуп иахьышьҭоу", иҳәоит иара.
Араҟа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа нап рылакын 2012 шықәса рзы, ихыркәшан 2015 шықәса рзы. Аусурақәа мҩаԥган Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.