Денис Саманба аҟәаа амшын аԥшаҳәахьы дрыԥхьеит

© Sputnik / Томас ТхайцукДенис Саманба имҩаԥигеит апресс-конференциа.
Денис Саманба имҩаԥигеит апресс-конференциа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амаланыҟәарныҟәаҩ Денис Саманба имҩаԥигеит апресс-конференциа.

АҞӘА, ԥхынгәы 13 – Sputnik, Роберт Џьапуа. Амаланыҟәарныҟәаҩ Денис Саманба имҩаԥигеит апресс-конференциа аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы аҩаша, ԥхынгәы 12 рзы. Апресс-конференциаҟны иара Аҟәа амшын аԥшаҳәахьы дрыԥхьеит аҩаша ахәылбыҽха, асааҭ 20 рзы имҩаԥысраны иҟоу маланыҟәала анеиааирахь.

"Изҭахны иҟоу зегьы ааԥхьара рысҭоит рмаланыҟәақәа рыманы аԥшаҳәахьы ԥшахьырсра ицәырҵырц. Хықәк дук ҟамҵакәа, ус агәахәараз. Иара абри ала ҳвеламарафон аихшьаалақәа мҩаԥаагоит", — иҳәеит иара.

Аспортсмен иажәақәа рыла иара иҭахын иҿырԥшала ауаа идирбарц џьара акы угәы иҭоукыр хымԥада анагӡара шулшо.

"Сара џьара ак ҟасҵар сҭахуп. Ауаа аҿырԥш бзиақәа рыдызгалалар сҭахуп. Исҭахуп ҳтәылаҟны иҿыцу акы ацәыргара, аԥҵара. Исҭахуп схатәы мҩа алхра. Исҭахуп ауаа ирбарц атәылаҟны имҩаԥысуа зегьы альтернативагьы рыманы ишыҟоу", — иҳәеит Саманба.

Авеломарафон Аҟәа-Москва хацыркын рашәарамза 18 4:30 сааҭ рзы. Бжьаха-бжьымш рыҩныҵҟа Денис 1700 километра дырхысит. Иара хықәкны иман Аԥсны авеласпорт аларҵәара. Аӡыргара. Уи адагьы иара иааирԥшыр иҭахын дарбанызаалак ауаҩы изы ахықәкы ԥынгыла шамам, ауаҩы ииҭаху зегьы шилшо.

Ажәабжьқәа зегьы
0