Афинансқәа рминистр: аказначеитә система уацәшәартә иҟам

© Фото : Томас ТхайцукАԥсны Афинансқәа рминистр Амра Қәаранӡиаԥҳа.
Аԥсны Афинансқәа рминистр Амра Қәаранӡиаԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Афинансқәа рминистр Амра Қәаранӡиаԥҳа иазылыԥхьаӡоит аказначеитә системахь аиасра иацу апроблемақәа зыхҟьо афинанстә операциақәа рыԥсыҽроуп ҳәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 14 – Sputnik, Роберт Џьапуа. Аҳҭнықалақь аҟны имҩаԥысуаз Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа реиԥылараан Аԥсны Афинансқәа рминистр Амра Қәаранӡиаԥҳа иазылыԥхьаӡоит аказначеитә системахь аиасра иацу апроблемақәа зыхҟьо афинанстә операциақәа рыԥсыҽроуп ҳәа.

"Аказначеитә система аус ауеижьҭеи 12 мшы роуп иҵуа. Ҳәарада ицәырҵуеит апроблемақәа, аха урҭ зегьы раԥыхра уадаҩра аҵаӡам", — лҳәеит аминистр.

Аԥсны афинанстә усбарҭа ахада иазгәалҭеит аказначеитә системахь аиасра иацу апроблемақәа зыхҟьо афинанстә операциақәа рыԥсыҽроуп ҳәа.

"Ареспубликатә биуџьет аҟны ари апроцесс еиҳа имарианы имҩаԥысуеит. Уаҟа напынҵадатәи аԥароужьра аус ауеит, уиазы ауп еиҳа изымариоу. Аҭыԥантәи абиуџьетқәа ракәзар напынҵалоуп аԥаразоужьра шымҩаԥырго", — лҳәеит лара.

Очамчыра араион Ахада Хьрыԥс Џьапуа еиқәиԥхьаӡеит аказначеира ицәырнагаз апроблемақәа. Иара убри аан иҳәеит аказначеитә система аԥареикәыршара еиҳа иаартны ишунарбо.

Аԥсны Афинансқәа рминистрра Аказначеитә усбарҭа официалла аусура иалагеит 2016 шықәса ԥхынгәы 1 инаркны. Иара аԥҵара иақәхарџьын 80 миллион мааҭ аԥара. Урҭ рҟынтәи 90 процент урыстәылатәи аԥарақәа роуп.

Иара рымаҵ ауеит ареспубликатә биуџьет иатәу 169 усбареи аҭыԥантәи абиуџьет иатәу 222 усбарҭеи. Иаартуп 240 хаҿытә ԥхьаӡара ареспубликатә биуџьет аганахьала, 444 хаҿытә ԥхьаӡара – аҭыԥантәи абиуџьет аганахьала. Аусбарҭа напхгара аиҭоит Џьансыхә Нанба.

Ажәабжьқәа зегьы
0