Аибашьҩы имоҭа: сабду анышә дахьамадоу збарц сҭахуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аан хабарда ибжьаӡыз Мисак Ианукиан имоҭа.
Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аан хабарда ибжьаӡыз Мисак Ианукиан имоҭа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аан хабарда ибжьаӡыз Мисак Ианукиан иҭаацәа ааигәоуп ианырдырыз анемеццәа дышрымпыҵашәаз ахҭыс. Уи еилкаахеит Sputnik информациатә партниорны измоу аграждантә ԥшьгара апроект "Возвращение имени" алшарала.

Бадрак Авидзба, Sputnik

Аџьынџьтәылатә еибашьра, зықьҩыла ауаа рыԥсҭазаарақәа шьаҽны ирхысыз иалахәын 55 000-ҩык Аԥсны иалҵыз. Ирацәаҩуп урҭ рҟынтәи хабарда ибжьаӡыз, зыӡбахә иахьанӡагь еилкаам. Хыԥхьаӡарала 8 000-ҩык рҟынӡа инаӡоит.

© из семейного архиваФронтовая фотография Мисака Янукяна. На фото справа Мисак Янукян
Фронтовая фотография Мисака Янукяна. На фото справа Мисак Янукян - Sputnik Аҧсны
Фронтовая фотография Мисака Янукяна. На фото справа Мисак Янукян

Абас, хабарда дыбжьаӡит ҳәа дыԥхьаӡан Мисак Ианукиан, 1909 шықәса рзы ииз. Аибашьра ишалагаҵәҟьаз иҩызцәа, иқәлацәа, Алаҳаӡы инхоз дрыланы дцоит еибашьра.

Афронт ахь данцоз ишьҭахьҟа инижьуеит фымз зхыҵуаз ахәыҷи иԥшәмаԥҳәыси.

"Сабду еибашьра ҳәа афронт ахь данцоз саб фымз ихыҵуан. Имаҷуп усҟантәи аамҭақәа рзы иҳамоу адыррақәа. Санду лажәабжьқәа роуп иаҳзынхаз. Сабду аибашьра ҟалаанӡа амилициа рҟны аус иуан. Иҩызцәеи иареи аԥхьа Қарҭҟа иргоит, нас уантәи афронт ахь идәықәырҵоит", ҳәа еиҭеиҳәоит аибашьҩы имоҭа Рафик Ианукиан.

Мисак аибашьрахь данца инаркны иҭаацәа ихабарк рмаҳацызт. Аамҭа цон аха еиҭакрак ҟамлеит, аҭаацәагьы уи иӡра рҽандыршәар акәхеит.

Акыр шықәсқәа рышьҭахь имоҭа иҽазикит иабду иӡбахә аилкаара. 2012 шықәса рзы иара илшеит иабду анышә дахьамадаз аҭыԥ ахьӡ аилкаара.

© из семейного архиваМисак Янукян. Фронтовая фотография.
Мисак Янукян. Фронтовая фотография. - Sputnik Аҧсны
Мисак Янукян. Фронтовая фотография.

"Лассы-лассы аинтернет аҟны сеимдалон. 2012 шықәса рзы "Мемориал" асаит аҟны итҟәаны иҟаз рахьтә иԥсыз рсиаҟны ихьӡи ижәлеи збеит", — иҳәоит Ианукиан.

Урҭ адыррақәа рыла Мисак Ианукиан Польша, Лиублин анышә дамадоуп.

"Саб 2013 шықәса рзы дыԥсит. Сандуи иареи рыԥсы ахьынӡаҭаз сабду иӡбахә аилкаара иазыԥшын. Саб дычмазаҩны дышьҭан. Исыԥшааз адыррақәа ртәы аниасҳәа акгьы рхимҳәааит аха иубарҭан игәы шҭынчхаз", — иҳәоит Рафик.

Аибашьраан Мисак Ианукиан иҭаацәа афронт аҟынтәи саламшәҟәык рзааит аха изамыԥхьеит. Иара аерман бызшәа адиалектқәа руак ала иҩын.

Информация о военнопленном Янукяне Мисаке.
Информация о военнопленном Янукяне Мисаке. - Sputnik Аҧсны
Информация о военнопленном Янукяне Мисаке.

"Ашәҟәы абжа ԥҟан. Уи ԥызҟаз дызусҭоу, иззыҟаиҵаз ҳаздырам, аха иаанхазгьы ҳзамыԥхьеит. Ашәҟәы ашьҭахь амҳәыр ианын 1945 шықәса ҳәа. Иҟалап сабду ицеибашьуаз аӡәы иҩызар", — лҳәоит Женук, Мисак иҭаца.

Рафик Ианукиан даара иҭахуп иабду дахьжу анеира абара, аха афинанстә ҭагылазаашьа илнаршом.

Ус шакәугьы уи агәра игоит мышкызны илшап ҳәа иабду дахьжу ашәҭшьыҵәрақәа наган рықәҵара.

© из личного архива семьиПисьмо Мисака Янукяна жене с фронта.
Письмо Мисака Янукяна жене с фронта. - Sputnik Аҧсны
Письмо Мисака Янукяна жене с фронта.

Мисак Ианукиан Аԥсны Атәылахьчара аминистрраҟны хабарда дыбжьаӡит ҳәа асиа данын. Ателепроект "Возвращение имени" анапхгаҩы Григори Сковрцов Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә архив аҟны иԥшаауеит Мисак

Ианукиан ихьӡ. Еилкаахоит уи дыҭҟәаны дшыҟаз, Лиублин ааигәара анышә дшамадоу. Ԥхынгәы 30 1943 шықәса рзы иҟаҵоу анемец ҭаҩра ала иара дҭакын ақалақь Замосць аҿы иҟаз атҟәацәа рлагер аҿы. Хатәы номерны иман 242.

Ажәабжьқәа зегьы
0