Думаа: Борис Адлеиба аполитика алацәажәашьа дақәшәон

© FotoАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иналукааша ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩы Борис Адлеиба ԥхынгәы 15 рзы ихыҵуазаарын 85 шықәса.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

Аԥсны реиҳа иуадаҩыз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа аныҟаз, 1978 шықәса рзы Борис Адлеиба Аԥснытәи АССР апартиа Аобком амаӡаныҟәгаҩыс дарҭеит.

Афилософиатә наукақәа ркандидат Константин Думаа иажәақәа рыла Борис Адлеиба Аԥснытәи АССР апартиа Аобком амаӡаныҟәгаҩыс иҟазаараан Аԥсны аполитикатә хҭысқәа зегьы инапы иҵигон.

"Борис Виктор-иԥа Лакоба инахыс Аԥсны иналукааша напхгаҩны дыҟан. Иара иаамҭақәа рзы анапхгараҵәҟьа Қарҭынтәи акәын иахьымҩаԥыргоз. Ижәлари иԥсадгьыли рзы ииҭахыз ишиҭахыз амҩаԥгара уадаҩын. Ус шакәызгьы иусура ишырҳәо еиԥш "амацәаз иҭаргьыжьны" акәын дшазнеиуаз. Иҟаз шыҟазаалакгьы еснагь илиршон ажәлар рыдгылара, рывагылара", — иҳәоит Константин Думаа.

Иара иазгәеиҭоит Борис Адлеиба Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Аԥсуа телерадиоеилахәыреи рышьақәыргылараҿи илагаламҭа шдуӡӡоу.

"Қырҭтәыла амчрақәа ирылшоз ҟарҵон Аԥсны ахада ииҭаху ишиҭаху идмырҟаҵаразы. Борис ддипломатын. Иара иҳәалон "сҽыжәзар аӷәрагьы снапаҿы искызароуп", ҳәа. Иахәҭаны ианыҟаз қарҭаа рҳәатәы данацымныҟәалозгьы ыҟан, ишшәарҭазгьы. Дара днархыҳәҳәаны Асовет Еидгыла ахадарахь аҳәарақәа неишьҭуан аԥсуа жәлар ирыдгыларц азы", ицәажәара иациҵоит Думаа.

1988 шықәса ԥхынҷкәынмзазы қарҭтәи аемиссарцәа аҭыԥантәи ақырҭуа милаҭ иатәыз еиҳа-еиҳа идыршуа, аҵәы рыҵарҵо иалагеит. Иааҟәымҵӡакәа амитингқәа мҩаԥыргон "СССР – тюрьма народов!", "За независимость Грузии!", "Грузия – только для грузин!", "Ликвидировать Абхазскую автономию!" ҳәа алозунгқәа ирыҵагыланы.

Лыхнытәи аизара ду далацәажәо Думаа иҳәоит:

"Адлеиба убри аамҭазы Москва СССР Иреиҳаӡоу Асовет аизара ду ахь дыҟан. Лыхнашҭаҟны ауаа еизараны иҟоуп ҳәа шааиаҳаз Москватәи иусқәагьы ааныжьны Аԥсныҟа дхынҳәуеит. Сара сакәын иԥылоз. Амҩан иҟаз аҭагылазаашьа гәҭынчымла далацәажәон. Иара арахь иаара иаԥырхагахарц ишаҿызгьы иҳәеит. Ус шакәызгьы акгьы дацәымшәакәа дааит, ашәҟәы раԥхьа знапы аҵазҩызгьы иара иоуп. Жәлар реизарахь инеиз амаҵзурауаагьы, ақырҭцәа аалхны, иара инаишьҭрақәлан ашәҟәы рнапы аҵарҩит", иҳәоит иара.

Константин Думаа агәра игоит усҟантәи аамҭазы ари иналукааша хҭысны ишыҟаз.

"Ақырҭуа мчрақәа архагон Аԥсны исуверену аҳәынҭқарра-политикатә статус иазыхынҳәырц агәы иахьҭаз. Аиҳаракгьы "Лыхнытәи ашәҟәы" ареспублика аиҳабыра зегьы ажәлар ираԥхьагыланы рнапы ахьаҵарҩыз".

36 000-ҩык рнапы зҵаҩыз ашәҟәы Москва, ЦК КПСС ашҟа ишьҭын.

Адлеиба апартиа аобком актәи амаӡаныҟәгаҩыс даныҟаз иргылан аҵак ду зманы иҟаз аобиектқәа: Тҟәарчалтәи азауадқәа "Заря", "Аргонавт" Очамчыратәи аҟашәеингалатә зауад уҳәа ирацәаны.

"Борис Виктор-иԥа акультура даара хылаԥшра аиҭон. Иахьа иҳалагылам Кандид Ҭарбеи Едуард Бебиеи изныкымкәа ирҳәахьан уи иҟаиҵоз адгылара аҭыӡшәа. Ҳәарада иҟан Борис Адлеиба ихымҩаԥгашьа згәамԥхоз, иҟан иҵашьыцуаз, ихәҭам ажәа зҳәоз, аха урҭ иара имбазшәа драҩсуан", — иҳәоит Думаа.

Борис Адлеиба уизхьамԥшыр ауамызт, ҩныҵҟалагьы дәахьылагьы.

"Иус идыруан. Ҭеиҭԥшла дыԥшӡан. Ауаҩы иацәажәашьа дақәшәон. Иҟазшьа ҷыдақәа урыдырхалон. Дыԥсихолог дуун уҳәар ауеит. Дасу ихәҭоу ишихәҭоу дазнеиуан", иажәабжь иациҵоит Думаа.

Борис Адлеиба диит ԥхынгәы 15 1931 шықәса рзы Аҟәа. Краснодар далгеит зегьеидгылоутәи аиуристтә институт. Иуаажәларратәи иҳәынҭқарратәи усура хациркит акомҿар рҟны аусурала. Очамчыра араиони Тҟәарчал ақалақьи рҟны апартиатә усура дахагылан. Аԥсны АССР Иреиҳаӡоу Асовет ахь депутатс хынтәны далырххьан.

Ажәабжьқәа зегьы
0