Гыцба: Ҭырқәтәылатәи амчқәа рахҳәара ар зегьы алахәымызт

© Фото : предоставлено Инаром ГицбаҬырқәтәыла иҟоу азинмчра змоу Аԥсны ахаҭарнак Инар Гыцба.
Ҭырқәтәыла иҟоу азинмчра змоу Аԥсны ахаҭарнак Инар Гыцба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла иҟоу азинмчра змоу Аԥсны ахаҭарнак Инар Гыцба иажәақәа рыла, Ҭырқәтәыла анапхгара рахҳәара ар зегьы алахәымызт.

АҞӘА, ԥхынгәы 18 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ҭырқәтәыла Ахада иахҳәаразы аҽԥышәара ар зегьы алахәымызт, ҳәа ҳзааицҳауеит Ҭырқәтәыла иҟоу азинмчра змоу Аԥсны ахаҭарнак Инар Гыцба.

"Аҳәынҭқарратә мчра аиҭакразы аҽԥышәара мҩаԥган. Уажәы имҩаԥысуеит Ҭырқәтәыла Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара. Амчратә структурақәа зегьы аҽырхиара рыманы иҟоуп", — иҳәеит иара.

Гыцба иажәақәа рыла Ҭырқәтәыла аиҳабыра аҳәамҭа ҟарҵеит атәылаҟны амчра аиҭакра шалыдмыршо азы.

Инар Гыцба иазгәеиҭеит Аԥсны Ахаҭарнакра иҟоу аҭагылазаашьа лымкаала ишашьҭаԥшуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0