Ҳџьынџьуаҩ: Ҭырқәтәыла уажәы ҭынчроуп

© flickr.comАнкара. Архивтә фото.
Анкара. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Анкара иҟоу аҭагылазаашьа даҳзалацәажәеит абри аамҭазы Ҭырқәтәыла иҟоу, Аԥсны Ахада иҟны аус зуа Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аусзуҩы Диуниа Башол.

АҞӘА, ԥхынгәы 18 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Уажәазы аҭагылазаашьа ҭышәынтәаланы иҟоу ҳәа аҭел дасны иҳаиҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу, Аԥсны Ахада иҟны аус зуа Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аусзуҩы Диуниа Башол.

"Иҟалаз зегь аабон. Ауха аашаанӡа ахысыбжьқәа гон, аверталиотқәа лаҟәны ихаԥыруан. Иаразнакы зегьы иҳаларҳәеит аҩнқәа ҳардәылымҵырц", — иҳәеит Башол..

Иара иажәақәа рыла уажәшьҭа зегь ҭышәынтәалахьеит, ателекоммуникациақәа зегьы аусура иалагеит.

Ахәаша ауха, аҵх цахьаны ирылаҳәан Ҭырқәтәыла амчра анапахьы аагаразы аруаа ықәгылеит ҳәа. Атәыла Ахада Таиип Ердоган Ҭырқәтәыла атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит имҩаԥысуа иаҿагыларц, Аԥыза-министр Бинали Иылдырым уи терактуп ҳәа ахиҳәааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0