Сурков: Аиқәшаҳаҭра ишахәҭоу еиԥш анагӡара мҩаԥысуеит

© Sputnik Роберт ДжопуаРауль Ҳаџьымбеи Урыстәыла Ахада ицхырааҩ Владислав Суркови реиԥылара.
Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәыла Ахада ицхырааҩ Владислав Суркови реиԥылара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аиҩызареи астратегиатә еилахәыреи рзы Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны анапы рыҵаҩуп иазыԥхьагәаҭаз аиқәшаҳаҭра маҷқәа реиҳарак. Абри атәы иҳәеит Ҳаџьымбеи Урыстәыла Ахада ицхырааҩ Владислав Суркови реиԥылараан.

ГАГРА, ԥхынгәы 19 – Sputnik, Роберт Џьапуа. Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аиҩызареи астратегиатә еилахәыреи рзы Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны анапы рыҵаҩуп иазыԥхьагәаҭаз аиқәшаҳаҭра маҷқәа реиҳарак. Абри атәы иҳәеит Рауль Ҳаџьымба Урыстәыла Ахада ицхырааҩ Владислав Суркови иареи реиԥылараан.

"Ашәарҭадара аганахьала акрааҵуеит аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуижьҭеи. Ааигәа Аинформациатә центр аԥҵаразы акт анапы аҵаҩын. Атәанчахәқәа ракәзар ирыцҵоуп, ауаа роура иаҿуп. Абиуџьеттә усхк аусзуҩцәа рзы ашәарацҵақәагьы иаарласны аԥара рзоужьхоит. Аганқәа зегь рыла аусурақәа ҳарҿуп", — иҳәеит Сурков.

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны азҵаарақәа жәпакы аӡбра шроуа.

“Асоциалтә ҟазшьа змоу азҵаарақәа, аинфраструктуратә зҵаарақәа, ашәарҭадара азҵаарақәа зегьы ҳрылацәажәоит, ишалшо ала иҳаӡбоит", — иҳәеит иара.

Ажурналистцәа рызҵаара аҭак ҟаҵо Ҳаџьымба иҳәеит ҭагалан Урыстәыла атәылауаҩра аиура апроцесс ишацҵахо.

Сурков далацәажәеит ԥхьаҟазы аурыс-аԥсуа ҳәааҟны аҭагылазаашьа аиӷьтәра аҽазышәара шаҭахо.

Ажәабжьқәа зегьы
0