АҞӘА, ԥхынгәы 19 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Ауаажәларратә еиҿкаара "Ҳаамҭазтәи Аԥсны" аоппозициаагьы ирыдгылаҩым, амчрагьы иадгылом. Абри атәы иҳәеит аиҿкаара аӡыргараан ахантәаҩы Иракли Ҭыжәба.
"Атәылаҟны ишьақәгылаз аҩныҵҟаполитикатә ҭагылазаашьа азыԥхьагәаҭо ауаажәларратә еиҿкаара "Ҳаамҭазтәи Аԥсны" уи аҽацәхьакра ахәҭаны ирбом. Ҳара иазыԥхьагәаҳҭоит ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара активла ахалархәра. Ҳара ҳхатәы позициа ҳамоуп иҟоу аҭагылазаашьазы", — иҳәеит Ҭыжәба.
Атәылаҿ иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа ахәшьара аҭо Иракли Ҭыжәба иҳәеит еиҿагыло амчрақәа рыбжьара аибарххара умбарц шзалымшо.
"Еиҿагыло амчрақәа рыбжьара аибарххара умбарц алымшо иҟаланы иҟоуп. Уи иалшоит хылаԥшра ззура уадаҩхо аҭагылазаашьахь икылсыр. Ҳара агәра аагоит атәылаҩныҵҟатәи аполитикатәи процессқәа зегьы азинеиҿкаара амҩала рҭыԥ ишықәҵатәу. Иарбанызаалак амчра иҟоу апроблемақәа рыӡбра алнаршом, еиҳа иамыруадаҩуазар", ҳәа азгәеиҭеит Ҭыжәба.
Иара игәаанагарала аиҿкаара аусура азинтә ҳәаақәа аҭатәуп ауаажәларратә еиҿкаарак аҳасабала ҳәа иԥхьаӡаноуп иара шышьақәдыргыло.
Иракли Ҭыжәба иҳәеит иахьазы Аԥсны ишыҟоу имаҷымкәа аиҿкаарақәа зусура уаҩ деигәырӷьартә иҟоу.
"Агәыҳалалратә фонд "Кьараз", Жәларбжьаратәи афонд "Апсны" — арҭ аиҿкаарақәа русура азырхоуп еиҳа зымчрақәа кәадоу ауааԥсыра хықәкыла рыцхраара. Уи уаҩ деигәырӷьоит. Иуҳәар ауеит дара рхахьы иргеит ҳәа аҳәынҭқарра инанагӡашаз аусқәа. Ҳара ҳазыхиоуп асеиԥш иҟоу иарбанызаалак аиҿкаара аус ацура. Сгәыӷуеит еиуеиԥшым апроектқәа рынагӡара ҳалҳаршап ҳәа", азгәеиҭоит Ҭыжәба.
Ҳара ҳаиҿкаара гәыҳалалратә еиҿкаарам, уи уаажәларратә еиҿкаароуп, убри азы инанагӡо аусқәагьы асоциалтә проектқәа инархыҳәҳәашт иҳәеит иара.
Ауаажәларратә еиҿкаара "Ҳаамҭазтәи Аԥсны" аоппозициаагьы ирыдгылаҩым, амчрагьы иадгылом. Абри атәы иҳәеит аиҿкаара аӡыргараан ахантәаҩы Иракли Ҭыжәба.