Ахаа-мыхаақәа рыҟаҵареи рыҭиреи ирызҟазо - Џьамила Гәагьиаԥҳа

© Sputnik / Томас ТхайцукЗамира Гогьиаԥҳаи лыԥҳа Џьамилеи.
Замира Гогьиаԥҳаи лыԥҳа Џьамилеи. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кәтол ақыҭантәи ԥшьҩык ахәыҷқәа ран Замира Гәагьиаԥҳа аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа аҟәатәи аџьармыкьаҟны ахәаахәҭра даланаргеит.

Бадри Есиава, Sputnik

Иарбанызаалак аԥсуа чыс ахаа-мыхаақәа ҳәа иахәҭоу амарҭхә амҭакәа агьама шыбзиамхо аҩныҳәсақәа зегьы ирдыруеит. Замира Гәагьиаԥҳа лакәзар, лҭаацәагьы ларгьы уи рнапы алакуп.

"Сара шьҭрала Арасаӡыхьтәуп. Кәтол Лашәриаа срымоуп. Аибашьра ашьҭахь ԥшьҩык ахәыҷқәа ршьапы рықәыргылара акыр иуадаҩын азы Аҟәаҟа ҳаиасит нхара ҳәа. Саҳәшьа усҟантәи аамҭазы араҟа ахәаахәҭра лнапы алакын. Саргьы уи аус садылхалеит", — лҳәоит Замира.

Замира лажәақәа рыла лбизнес хацлыркит аԥсуа џьыка аҭирала. Нас уи иадлыԥхьалеит рышьхымза иҭыргаз ацха. Нас, маҷ-маҷ лтауар лырҭбааит. Замира лыӡӷаб Џьамила Лашәриаԥҳа уаанӡа ашкол аҟны алагарҭатә классқәа рҿы аурокқәа рылҭон, уажәы уи лан длыцхраауеиит.

© Sputnik / Томас ТхайцукЗамира. Шафранная королева.
Замира. Шафранная королева. - Sputnik Аҧсны
Замира. Шафранная королева.

14 шықәса рыҩныҵҟа Џьамила ахәаахәҭра аиӷьтәразы илхәыцқәаз рацәоуп.

"Сара издыруан "ашәануатә" захьӡу аџьыкхыш шыҟаз. Уи ыҟазар, "аԥсуа" џьыкхыш зыҟамлари. Уцху-сунели, аџыш, ахәсхәа леилаҵаны аџьыкхыш рыцырҵоит", — еиҭалҳәоит Џьамила.

Лашәриаагьы ирхәыцит "акакан џьыка". Анаплакыҩцәа ражәақәа рыла дара роуп раԥхьаӡа асеиԥш аилазаара зхәыцыз.

Арахь иалоуп ашәҭ ҩеижь, ахәсхәа, акакан лаганы, аџьыкхыш, уцху-сунели. Дара ражәақәа рыла иара аҭирахь икылыргаанӡа аҩны ахәы аныҟарҵоз иарҭон.

Дара рыдәқьан аҟны ирҭиуа иԥшӡоу аҭра азырыԥшаауеит. Рацәак идуум Замира лыдәқьан иҵышәшәо афыҩқәа аишәа инахыҵызгьы еиҭах схәы снахатәандаз ҳәа агәаҳәара ирҭоит.

"Иарбанызаалак аххыла ҳаскьынуп. Иаҳҳәап "радужнаиа" азы болгариатәи апырпыл хааи, аџьымшьи еиуеиԥшым аҳаскьынқәеи еиларххуеит. Иара еиҳарак асуԥқәа, аборшьч роуп изырҭо", — лҳәоит Замира.

© Sputnik / Томас ТхайцукЗамира. Шафранная королева.
Замира. Шафранная королева. - Sputnik Аҧсны
1/8
Замира. Шафранная королева.
© Sputnik / Томас ТхайцукЗамира. Шафранная королева.
Замира. Шафранная королева. - Sputnik Аҧсны
2/8
Замира. Шафранная королева.
© Sputnik / Томас ТхайцукЗамира. Шафранная королева.
Замира. Шафранная королева. - Sputnik Аҧсны
3/8
Замира. Шафранная королева.
© Sputnik / Томас ТхайцукСпеции.
Специи. - Sputnik Аҧсны
4/8
Специи.
© Sputnik / Томас ТхайцукСпеции.
Специи. - Sputnik Аҧсны
5/8
Специи.
© Sputnik / Томас ТхайцукСпеции.
Специи. - Sputnik Аҧсны
6/8
Специи.
© Sputnik / Томас ТхайцукКинза.
Кинза. - Sputnik Аҧсны
7/8
Кинза.
© Sputnik / Томас ТхайцукШафран.
Шафран. - Sputnik Аҧсны
8/8
Шафран.
1/8
Замира. Шафранная королева.
2/8
Замира. Шафранная королева.
3/8
Замира. Шафранная королева.
4/8
Специи.
5/8
Специи.
6/8
Специи.
7/8
Кинза.
8/8
Шафран.

Замира лажәақәа рыла абри абизнес илнаҭеит алшара лхәыҷқәа ԥшьҩык ршьапы рықәыргылара, аҵара дырҵара.

"Ҩыџьа аԥацәеи ҩыџьа аԥҳацәеи сымоуп. Аҷкәын аиҳабы Кәтол дынхоит, аиҵбы АГУ дҭоуп. Сыӡӷабцәа аҭаацәарақәа ирыланагалахьеиит. Амоҭацәа сымоуп", — лҳәоит лара дырзыгәдуны.

Замиреи Џьамилеи рус рџьабаа адагьы ргәы-рыԥсы адҵаноуп ишазнеиуа. Иаргьы рықәманшәалахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0