Анатоли Лагәлаа: Заур Кәарҷиа ирҿиамҭақәа азааигәан аԥсуа фольклор

© Sputnik / Рада АжьибаАжурнала "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа.
Ажурнала Алашара аредактор хада Анатоли Лагәлаа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апоезиатә рҿиамҭақәа реизгақәа "Ахьышьҭрахь", "Аблақәа анеиқәшәо", "Аӡаӡа-ҳәымҭа", "Ихароу агәыӷрақәа", "Аԥсҭазаара амаӡа" равтор, апоет Заур Кәарҷиа диижьҭеи 80 шықәса ҵуеит.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

Заур Кәарҷиа поетк иаҳасабала аԥхьаҩцәа дырдыруеижьҭеи акыр ҵуеит. Иара ипоезиатә рҿиамҭақәа реизгақәа "Ахьышьҭрахь", "Аблақәа анеиқәшәо", "Аӡаӡа-ҳәымҭа", "Ихароу агәыӷрақәа", "Аԥсҭазаара амаӡа" аԥхьаҩцәа рнапаҟны ихьшәаны ироуыит ҳәа азгәеиҭеит ажурнала "Алашара" аредактор хада  Анатоли Лагәлаа.

"Заур Кәарҷиа сара ибзиаӡаны издыруаз аԥсуа поетцәа дреиуоуп, раԥхьаӡа иргыланы рҵаҩык иаҳасабала. Сара Ҷлоутәи абжьаратә школ аҟны аҵара анысҵоз рҵаҩыс дсыман, убри нахысгьы уаҟа иҳаман аԥсуа литература иазкыз акружок, уахь иара лассы днеиуан. Заур Кәарҷиеи сареи ибзиаӡаны ҳаизаагәаны ҳаибабон. Ирҿиаратә мҩа ибзиаӡаны издыруеит, ишәҟәқәа хԥа редакторс срыман. Иара иԥсы анҭаз аҭыжьраз ириҭеит ипоезиатә рҿиамҭақәа хә-томк, урҭ рахьынтә иԥсы шҭаз аҭыҵра иахьӡеит х–томк, даҽа ҩ-томк ҭымҵқәа иаанханы иҟоуп. Заур Кәарҷиа поетк иаҳасабала ҳаԥсуа литератураҿы ибзианы дырдыруан, ажәеинраалақәа иҩуеижьҭеи акыр ҵуан ихьшәаны аҭыжьра дшгалагызгьы", — ҳәа азгәеиҭеит Анатоли Лагәлаа.

Лагәлаа иажәақәа рыла, Заур Кәарҷиа ирҿиамҭақәа аԥсуа фольклор иазааигәан, аԥсуа традициақәа рыҭҵаараҿы иџьабаақәа рацәоуп.

"Заур Кәарҷиа ирҿиамҭақәа азааигәан аԥсуа фольклор, иара аԥсуа традициақәа ҭиҵаауан, ақыҭақәа дырҭаауан. Рҵаҩык иаҳасабала, поетк иаҳасабала иџьабаақәа даараӡа ирацәоуп ҳлитератураҿы. Избанзар уи инижьыз апоезиатә ҩымҭақәа рыхә ашьара макьана иазыԥшуп аԥсуа критика", — ҳәа ациҵеит уи.

Аԥсуа литератураҿы илагала анаҩсгьы, Заур Кәарҷиа аԥсуа милаҭ хақәиҭра қәԥара иалахәыз дыруаӡәкуп.

"Аԥсуараз згәы еибафоз, иџьбараз уаҩын, аиаша иҳәар акәын дахьыҟазаалак. Исгәалашәоит еиуеиԥшым аамҭақәа рзын 1978, 1989 ашықәсқәа рзы аизара дуқәа дрылахәын, ибжьы ҿацаӡа иргон, акырынтә инапы рыҵиҩхьан еиуеиԥшым адокументқәа. Ажәакала, ажәлар рхьаа атәы ахьырҳәоз раԥхьа дгылан. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсақәа рзы иҷкәынцәа ҩыџьагьы иваргыланы деибашьуан, изнапык шимамызгьы", — ҳәа азгәеиҭеит аредактор.

Заур Кәарҷиа ахаангьы ишьҭахҟьа дхьамҵыцызт, иҳәоит Анатоли Лагәлаа, ажәлар рлахьынҵа анырыӡбоз ҳинтеллигенциа аԥхьагылаҩцәа рыгәҭа дгылан.

Заур Кәарҷиа диит 1936 шықәсазы Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан. Абжьаратә школ далгеит Гәдоуҭа, нас Аҟәатәи арҵаҩратә институт афилологиатә факультет. Ауниверситет аныҟала ашьҭахь аҭоурыхтә–иуристтә факультет. Уи изанааҭқәа аҩбагьы рыла акыр шықәса инеиԥынкыланы Очамчыра араион ашколқәа рҿы рҵаҩыс, аҵара ҟәша еиҳабыс, директор аус иухьан. Арҵаҩратә-ааӡаратә ус ԥшьаҿы иџьабаа маҷӡам.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0