Урыстәылеи Аԥсни рыстатистикатә органқәа аус еицырулоит

© SputnikУрыстәылеи Аԥсни рыстатистикатә органқәа аус еицырулоит.
Урыстәылеи Аԥсни рыстатистикатә органқәа аус еицырулоит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи Аԥсни рыстатистикатә органқәа аус еицырулоит 2018 шықәсанӡа.

АҞӘА, ԥхынгәы 21 – Sputnik, Роберт Џьапуа. 2016-2018 ашықәсқәа рыҩныҵҟа аусеицуразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуп Аԥсны Аҳәынҭқарратә статистикеи Урыстәыла Аҳәынҭқарратә статистика афедералтә маҵзуреи рыбжьара аԥшьаша, ԥхынгәы 21 рзы.

Аԥсны Аҳәынҭқарратә статистика аиҳабы Кама Гәагьиаԥҳа лажәақәа рыла аԥсуа ган хықәкы хаданы иамоуп амилаҭтә ԥхьаӡарақәа рсистема аус адулара.

Росстат анапхгаҩы Александр Суринов Аԥсны Аԥыза-министр Артур Амқәаб даниԥылоз иазгәеиҭеит раԥхьаҟа аусура мҽхакыҭбаа шырзыԥшу.

"Ирацәоуп иҟаҳҵаша. Астатистика – хкырацәала еиларсуп. Уи иаанаго ауааԥсыра ашәҟә рҭаҩра мацара акәӡам. Араҟа иҟоуп аекономикатә статистика, амакроекономикатә статистика, ажәакала ирацәоуп. Ҳара ҳәарада ҩызцәақәак рыҳасабала ҳазыхиоуп ацхыраара шәыҭара", — иҳәеит Суринов.

Аиҳабыра рхада иазгәеиҭеит Урыстәылатәи аҟазауаа рыцхыраара Аԥсны Аҳәынҭқарратә статистика аҿиараз хра аманы ишыҟоу.

Гәагьиаԥҳа иазылыԥхьаӡоит ԥхьаҟатәи русураҿы аҵакы аманы ишыҟоу ақыҭанхамҩатә шәҟәҭагалара.

"Ҳара ҳзы ари иҿыцу усуп. Иҳамам аԥышәа, иҳамам ҳзықәныҟәаша аметодика. Ҳгәыӷуеит урыстәылатәи ҳколлегацәа рыцхыраара ҳауп ҳәа", — лҳәоит лара.

Аԥсны Аҳәынҭқарратә статистикеи Урыстәыла Аҳәынҭқарратә статистика афедералтә маҵзуреи рыбжьара раԥхьатәи аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын 2014 шықәса рзы. Хышықәсатәи аусеицураан еиуеиԥшым астатистикатә ҭҵаарақәа аус рыдулан, аус рыдулан аметодологиақәа жәпакы.

Ажәабжьқәа зегьы
0