Гагра ақалақь азхәҭак ӡыда иҟоуп

© Фото : Саида Жьипҳа.Гагра ақалақь, Репруа аҩбатәи ахаларҭаҟны, ааха аиут аӡыҭгага НЦ-400-120.
Гагра ақалақь, Репруа аҩбатәи ахаларҭаҟны, ааха аиут аӡыҭгага НЦ-400-120. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵхыбжьон аахижьҭеи Гагра ақалақь азхәҭак ӡыда иҟоуп.

ГАГРА, ԥхынгәы 21 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Ԥхынгәы 21 аҵхыбжьон, Гагра ақалақь, Репруа аҩбатәи ахаларҭаҟны ааха аиут аӡыҭгага НЦ-400-120. Уи зыхҟьаз аиларҭәа ахьажәыз ауп.

Аҭыԥ аҟны инеиз Гагратәи аӡыканал аусзуҩцәа иаразнак рҽазыршәеит уи аихыршәшәара. Ари аԥхасҭа иахҟьаны, ӡыда иаанхеит, Гагра ақалақь ажәытә хәҭа.

Иахьа ашьыжь, аӡыканал аиҳабы Иури Цулукиа, Пицундатәи Еиду акурорттә еилазаара аҟнытә, аамҭала ахархәаразы иааигеит аӡыҭгага ЦНС-300-120.

Аусутә гәыԥ уажәазы рнапы алакуп иара ашьақәыргылара. Аӡыҭгага ахархәарахь анагаразы имҩаԥысуа аусурақәа, ҷыдала хылаԥшра риҭоит, Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба.

"Репруа аҩбатәи ахаларҭаҟны ишьақәҳаргылараны ҳаҟоуп аӡыҭгага ҿыц. Уи иааиуа амчыбжь азы Урыстәылантәи иааргараны иҟоуп. Уаанӡа, ахархәара аҳҭоит Пицундатәи Еиду акурорттә еилазаараҟнытә аамҭала иааҳгаз аӡыҭгага. Аӡы аҟамзаара иахҟьаны ауадаҩрақәа рызцәырҵоит аҭыԥантәи ауааԥсыреи, ҳасасцәеи. Дара рахь схы нарханы аҭамзаара шьҭасҵоит", — иҳәеит араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба.

Иара убас, Заур Бганба иазгәеиҭеит, аӡыҭгага ҿыц анышьақәдаргылалак, аӡы азы аиԥҟьара шыҟамло.

Насгьы, ргәы ишҭоу, аҭырқәа фирма ишьҭарҵаз аӡымҩангагатә цәаҳәақәеи идыргылаз аӡеизгарҭақәеи ахархәарахь рынашьҭра.

Гагратәи аӡыканал анџьныр хада Михаил Саакиан иҳәеит, уаха 22 сааҭынӡа ақалақь ажәытә хәҭа ӡыла реиқәыршәара шрылшо.

Ажәабжьқәа зегьы
0