Аҳақьым: акондиционерқәа ачымазара дырҿиар алшоит

© Фото : Рада АжибаГәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа.
Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акондиционер ииашамкәа ухы иаурхәар еиуеиԥшым ачымазарақәа арҿиар ауеит: ОРВИ, абронхит, ангина "алегионерцәа рчымазара" уҳәа иреиԥшу, ҳәа еиҭалҳәоит Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым-атерапевт Наталиа Лакербаиа.

АҞӘА, ԥхынгәы 26 – Sputnik, Бадри Есиава. Акондиционер ииашамкәа ухы иаурхәар еиуеиԥшым ачымазарақәа арҿиар ауеит: ОРВИ, абронхит, ангина "алегионерцәа рчымазара" уҳәа иреиԥшу. Аиҳаракгьы зусурҭа уадақәа хәлаанӡа ирдәылымҵуа ауаа рзы ҳәа еиҭалҳәоит Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым-атерапевт Наталиа Лакербаиа.

Абактериа легионелла акырџьара ишуԥылогьы XX ашәышықәса аҟынӡа аӡбахәк рыздырамызт. 1976 шықәса рзы Филадельфиатәи асасааирҭақәа руак аҟны акондиционер ауаажәларратә еиҿкаара "Американски легион" аконгресс алахәылацәа 240-ҩык ррыԥҳақәа рҟны авирус арҿиеит. Урҭ рҟынтәи 34-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит мышқәак рыҩныҵҟала.

Аԥснытәи аԥхын ахгара уадаҩуп аха акондиционер ииашаны ухы иаурхәозар шәарҭара алам ҳәа азылыԥхьаӡоит аҳақьым.

Аԥхынразы акондиционер иахҟьаны ахәышәтәырҭахь ауаа рацәа шнанамгогьы усгьы инеиуа ыҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0