Ачарақәа рырԥшӡареи рырлахҿыхреи зылшо Вианори Кадыри

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны зҽаԥсазтәыз артистцәа Вианор Аибеи Кадыр Барцыци
Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистцәа Вианор Аибеи Кадыр Барцыци - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зыԥсҭазаара амузыка ада зхаҿы иззамго Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистцәа Вианор Аибеи Кадыр Барцыци амузыка адунеи ахь рымҩахыҵра аҭоурых Sputnik акорреспондент Рада Ажьиԥҳа илзеиҭарҳәеит.

Вианори Кадыри ҳәа рыхьыӡқәа ануаҳауа иаразнак ухаҿы иааиуеит амузыкатә инструментқәа адаули аккордиони аԥсуа чарақәа рыҟны иазырҳәо, изырԥшӡо ашәаҳәаҩцәа.

Вианор Аибеи Кадыр Барцыци 1996 шықәса раахыс аус еицыруеит, дара амузыкатә ҵараиурҭа аҟны аҵара еицырҵон, еиҩызцәоуп. Амузыкахь рааира Вианори Кадыри ирымоуп рхатәы ҭоурых.

Вианор Аибеи Кадыр Барцыци амузыкатә ҵараиурҭа аҟны рҵара аныхдырқәша анаҩс ус иазырыӡбеит, еибырҳәеит "уара аккордион арҳәашьа ҵа, саргьы адаул асшьа, нас ачарақәа рахь ҳаицны ҳцалоит ҳәа". Раԥхьаӡа амузыка арҳәаҩцәа ҳәа ааԥхьара рырҭеит Маркәыла ақыҭан имҩаԥысуаз ачарахь.

"Раԥхьатәи ҳчара ҳгәы хыҭхыҭуа ҳазыԥшын. Ашәаҳәара ҳара ҳашьцыланы ҳаҟан, аха ачара арԥшӡараз, арлахҿыхраз игәаӷьыуацәан ари аус, аха иҳалшеит. Маркәыла ақыҭан аԥсуа чара мҩаԥысуан, ашьаԥа ҳанныҵала раԥхьа акраҳфеит, еиднагылаз ҳрықәнаҳәеит, ашьҭах ҳапрограмма анагӡара ҳалагеит. Ажәлар ирыдыркылеит ибзианы, уи инаркны ачарақәа рыҟны ахәмарра ҳалагеит, абар сынтәа ҩажәа шықәса ҵуеит", — ҳәа рҳәоит амузыкантцәа.

Вианор Аибеи Кадыр Барцыци ихәыҷаахыс амузыка иазҿлымҳан. Вианор иан ачамгәыр аларҳәон, иаб иашьа акыҭаҿтәи ансамбль аҟны ашәа иҳәон, Кадыр иакәзар иаб жәлар рашәақәа агәыбылра ииркит. Дара ражәақәа рыла, ашәаҳәара еснагь иазҿлымҳан, ҭаацәаныла ианааилатәалак шәаҳәаран қәашаран, ажәакала алахҿыхра рҭаацәарақәа ирыгмызт. 

Вианор Аиба — Вианор ҳәа ахьыӡ ихҵоуп Кандид Ҭарба иашьа Вианор ихьӡала. Иара иаб иашьеи иареи еиҩызцәан, иҳәоит Вианор Аиба, сара сеиԥш дшәаҳәаҩхааит ҳәа ҳәаны ихьыӡ сыхьӡиҵеит.

Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, Ахьӡ-аԥша аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Леонти Гәымба. - Sputnik Аҧсны
Леонти Гәымба: ашәаҳәара - ауадаҩрақәа зегьы сыриааиратә еиԥш сарӷәӷәеит

"Амузыка актәи акласс инаркны бзиа избеит. "Ачара ду" ҳәа иҟаз ашәа сҵеит, ачарақәа рыҟны саныхәыҷыз акеиҳәа ашәа сҳәон. 1996 шықәса инаркны амузыка снапы алакуп. Раԥхьа ашәа сҳәон сара, анаҩс адаул арҳәарахь сиасит. Саб иашьеи Вианор Ҭарбеи реиԥш сшәаҳәаҩханы санбаҟало ҳәа еснагь срыхәаԥшуан", —  ҳәа иҳәоит Вианор  Аиба.

Кадыр Барцыц иакәзар иуа-иҭынха амузыка шицааиуаз рбахьан, убри аҟынтә уи уҽадкыл иуықәҿиуеит ҳәа иарҳәон.

"Аккордеон арҳәашьа ҵа, ҳәа саб исабжьеигеит. Аԥсуа ашәақәа ансаҳауаз сшьамхы сыҵыԥраауеит, гәыкала саҿуп ари аус", — ҳәа иҳәоит Кадыр.

20 шықәса инареиҳаны ачарақәа рыҟны адаули аккордеони адырҳәоит Вианор Аибеи Кадыр Барцыци. Ачарақәа раамҭа иалагӡаны 50-60 чарақәа рыҟны аус аныруа ыҟоуп.

"Ачараҿы акеиҳәа ашәаҳәара, ахәмарра ҳаналагалак ажәлар игәаԥханы рнапы анаҳзеинырҟьо ҳара еиҳагьы иаҳарҳәандаз ҳәа ҳҟалоит. Амузыка аӡәгьы игәы ԥнаҵәаны иҟамлацт. Аҿар еиҳарак аԥсуа кәашарақәа роуп ирҭаху, иара убас алаф ашәақәа анаҳҳәо", — ҳәа рҳәоит амузыкантцәа.

Амузыкантцәа ррепертуар аҟны иҟоуп аԥсуа, Нхыҵ-Кавказтәи  жәлар рашәақәа, дара рыпрограмма иалагоит Гиви Уанаҿа иҩыз ашәа "Риҵа" ала.

Вианори Кадыри акыр шықәса раԥхьа ргәы хыҭхыҭуа излагал аус иахьа ирықәҿиоит, зчара дырԥшӡар зҭаху ҿыц еиднагалаз аҭаацәара рхыԥхьаӡара еиҳа–еиҳа иацлоит. 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0