Руслан Аџьынџьал "Краснодар" аҟны азыҟаҵаҩ хада ицхырааҩыс дҟаҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа аиҳабы Руслан Аџьынџьал
Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа аиҳабы Руслан Аџьынџьал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа аиҳабы Руслан Аџьынџьал ашьапылампылтә клуб "Краснодар" аҟны азыҟаҵаҩ хада ицхырааҩыс дҟаҵоуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 26 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа аиҳабы Руслан Аџьынџьал ашьапылампылтә клуб "Краснодар" аҟны азыҟаҵаҩ хада ицхырааҩыс дҟаҵоуп. Иара инапынҵақәа рыҩбагьы еицибалоит. Абри атәы ҳкорреспондент изеиҭалҳәеит ФФА апресс-атташе Асҭанда Ахԥҳа.

"Руслан Аџьынџьал Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа аиҳабысгьы дшыҟоу даанхоит, избанзар Афедерациа уаажәларратә еиҿкаароуп", — лҳәоит лара.

Аџьынџьал 1991 шықәса рзы Аҟәатәи "Динамо" аҟны ахәмарра далагоит. 1992-1993 шықәсқәа рзы Маиҟәаԥтәи "Дружба" аҟны дыхәмаруан.

Руслан Аџьынџьал дыхәмаруан еиуеиԥшым урыстәылатәи ашьапылампылтә командақәа рҟны: "Краснодар" (Краснодар), "Балтика" (Калининград), "Уралан" (Елиста), "Луч-енергии" (Владивасток) убас егьырҭ аклубқәа рҿгьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0