Санкт-Петербургтәи атурист Аԥсны ашьхақәа рҟны дҭахеит

© Sputnik / Дмитрий Коробейников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСанкт-Петербургтәи атурист Аԥсны ашьхақәа рҟны дҭахеит.
Санкт-Петербургтәи атурист Аԥсны ашьхақәа рҟны дҭахеит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҭахаз атурист иԥшааразы ахархәара аҭан Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аверталиот МИ-8.

АҞӘА, ԥхынгәы 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Санкт-Петербургтәи атурист Сергеи Шиморин Ҵабалынтәи Чҳалҭаҟа имҩаԥысуаз атуристтә ныҟәараан дҭахеит, ҳәа аанацҳаит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра апресс-маҵзура.

"Аминистрра ашҟа ԥхынгәы 24 ауха, асааҭ аказы аҭел иасны ирҳәеит Санкт-Петербургтәи атуристтә гәыԥ, хҩык рыла ишьақәгылаз арыцҳара иақәшәеит ҳәа. Ԥхынгәы 18 рзы Сергеи Шиморин аӡиас Џьамԥал арраан дҭахоит. Иҭахаз иԥшааразы аԥшаара-еиқәырхаратә гәыԥ аҭыԥахь инашьҭын", ҳәа азгәарҭоит апресс-маҵзураҟны.

Иҭахаз атурист иԥшааразы ахархәара аҭан Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аверталиот МИ-8. Аԥшаара далахәын Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа.

Иҭахаз иԥсыбаҩ ԥшаан ԥхынгәы 25 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0