АҞӘА, ԥхынгәы 28 — Sputnik. Урыстәыла Ахада Владимир Путин Адҵа инапы аҵеиҩит Аладатәи Афедералтә округи Ҟрымтәи Афедералтә округи Аладатәи Афедералтә округ ҳәа еиҿкаазарц. Абри атәы аанацҳаит Кремль апресс-маҵзура.
Аԥсахра ашьҭахь Аладатәи Афедералтә округ аилазаарахь иаҵанакуеит: ареспубликақәа Адыгеиа, Калмыкиа, Ҟрым, Астрахантәи, Волгоградтәи, Ростовтәи аобластқәа, Краснодартәи атәылаҿацә, ақалақь Ставрополь.
Еидҵоу Аладатәи Афедералтә округ аҟны азинмчра змоу хаҭарнакны дҟаҵоуп Владимир Устинов.
КПРФ аҟынтәи Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Николаи Коломеицев аҳәамҭа ҟаиҵеит асеиԥш аидҵара зыхҟьаз аструктурақәа роптимизациа шакәу.