Ҷыдалатәи аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара мҩаԥнагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукҶлоу ақыҭан игылоу Баграт Шьынқәба иҩны-амузеи
Ҷлоу ақыҭан игылоу Баграт Шьынқәба иҩны-амузеи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рпоет, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреиат, академик Баграт Шьынқәба диижьҭеи 100 шықәса аҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа рыплан алацәажәараз ҷыдалатәи аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара мҩаԥнагеит ахаша, ԥхынгәы 28 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 28 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба ишәышықәсахыҵра иазку аиубилеитә ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит Аҳәынҭқарратә комиссиа ахаша, ԥхынгәы 28 аҽны.

"Баграт Шьынқәба ииубилеи ҳаракыла азгәаҭараз ишьақәыргылатәуп аплан. Аԥсуа литератураҿы акультураҿы иара илагала аарԥшра аҭахуп имҩаԥааго аускәа рыла. Ари аныҳәа азгәаҭара Аԥсны аҳәаақәа ирхаагарц ахәҭоуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Нхыҵ-Кавказ, Москва, Ҭырқәтәыла уҳәа атәылақәа рыҟны, Баграт Шьынқәба ирҿиара ахьырдыруа имҩаԥгатәуп аиубилеи иадҳәалоу ауснагӡатәқәа. Ус еиԥш иҟоу аус хкқәа рымҩаԥгара ҳаԥсуа культура аӡыргара, ашьҭыхра иацхраауеит", — хәа иҳәеит Аԥсны ахада иабжьагаҩ Владимир Занҭариа.

Занҭариа иажәақәа рыла, 2017 ашықәса Баграт Шьынқәба ишықәсны иԥхьаӡатәуп.

"Баграт Шьынқәба ииубилеи инамаданы 2017 шықәса иара ишықәсны иазыԥхьаӡазыр ҳҭахуп" – ҳәа ациҵеит иара.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иазԥхьагәаҭоуп Баграт Шьынқәба лингвистк, фальклорист иаҳасабала изку анаукатә конференциа амҩаԥгара.

"Астудентцәа рымчала еиҿаҳкаарц ҳгәы иҭоуп анаукатә конференциа, зегьы иаадыруеит Баграт ду илша аԥсуа лингвист иаҳасабала. Уи инаваргыланы еиҿаҳкаауеит алитературатә еиԥыларақәа, ахәылԥызқәа. Аиубилеи инадҳәыланы иҭҳажьырц ҳҭахуп Баграт Шьынқәба изкны ирыҩхьо ажәеинраалақәа реизга", — ҳәа иҳәеит ААУ аректор, апрофессор Алеко Гәарамиа.

Алеко Гәарамиа инаҵшьны иазгәеиҭеит, астудентцәа рзы ишеиҿкаахо Баграт Шьынқәба ирҿиараҿы иаарԥшу аҭыԥқәа рҭаара.

Ахәыҷқәа рзы раԥхьаӡа акәны имҩаԥган  Аҧсуа лакә ахәылҧаз - Sputnik Аҧсны
Ахәыҷқәа рзы раԥхьаӡа акәны имҩаԥган "Аҧсуа лакә ахәылҧаз"

Акомиссиа алахәылацәа иахәҭоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит Аԥсны абжьаратә школқәа рҵаҩцәа рыбжьара ацәыргақәҵақәеи, иреиӷьу ахҳәаа аҩразы ҳәа аконкурс рылаҳәазарц.

Аԥсны аҵара министр инапынҵақәа назыгӡо Адгәыр Какоба иажәахәаҿ иҳәеит, ахәыҷбаҳчақәеи, абжьаратаә школқәеи рыҟны аиубилеи азгәаҭараз апрограмаа мызқәак раԥхьа аҵара министрраҟны  ишалацәажәахьаз.

"Ахәыҷбаҳчақәа рыҟны лаҵарамза зегьы ахәыҷқәа есышьыжьтәи разыҟаҵарақәа азкызаауеит Баграт Шьынқәба ирҿиара. Иара убас, ашколқәа рыҟны афотостендқәа реиҿкаара аҭахуп. Акласстә сааҭқәеи, иаарту аурокқәеи уҳәа ирацәаны аус хкқәа рымҩаԥгара ҳгәы иҭоуп. Есышықәсатәи арҿиаратә конкурс "Акалам аԥышәара" атематика зегьы азкызаауеит Шьынқәба ирҿиара", — ҳәа азгәеиҭеит Какоба.

Баграт Шьынқәба ишәышықәсахыҵра иазку аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа рыплан иарбоуп Баграт Шьынқәба иалкаау иҩымҭақәа реизга х-томк рҭыжьреи, Ҷлоу ақыҭан игылоу иҩны-амузеи аҳәынҭкарратә статус аҭареи, исахьаркыратә рҿиареи, инаукатә ҭынхеи, иҳәынҭқарратә–уаажәларратәи усуреи ирызку адунеижәларбжьаратәи конференциеи, адокументалтә фильм аԥҵареи, атеатр аҟны иҩымҭақәа ирылхны ақәыргыламҭақәа рымҩаԥгареи.

Акомиссиа алахәылацәа ирҳәеит ари аплан иҵегь ишхадырҭәаауа, аиҭакрақәа шалыргало.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0