Салыбеи Арӡынба игәалашәара ахьӡала имҩаԥысуаз аԥкьаҭ асратә турнир хырқәшоуп

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАԥкьаҭ асратә турнир хырқәшоуп
Аԥкьаҭ асратә турнир хырқәшоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Афырхаҵа Салыбеи Арӡынба игәалашәра ахьӡала Гагра имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аԥкьаҭ асратә турнир хырқәшоуп.

ГАГРА, ԥхынгәы 28 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аԥсны Афырхаҵа Салыбеи Арӡынба игәалашәара ахьӡала ԥшьымш инеиԥынкыланы, Гагра имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аԥкьаҭ асратә турнир хырқәшоуп. Уи иалахәын 60-ҩык Толиаттии, Москвеи, Шәачеи, Астрахани, Ростови, Краснодари, Адлери, Гагреи, Гәдоуҭеи, Аҟәеи, Пицундеи рҟынтә аспортсменцәа қәыԥшцәа.

Гагратәи аԥкьаҭ асратә дәы иалнакааит ахатәы фырхацәа.

Салыбеи Арӡынба игәалашәара ахьӡала Гагра иаартуп аԥҟьаҭ асратә турнир - Sputnik Аҧсны
Салыбеи Арӡынба игәалашәара ахьӡала Гагра иаартуп аԥкьаҭ асратә турнир

Ус 24-ҩык аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи ирыԥсахеит аԥхьахәтә ҭыԥқәа. Дара рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп фҩык аԥсуа аԥкьаҭ асцәа. Убас бжьышықәса инаркны аашықәсанӡа зхыҵуа рыбжьара, актәи аҭыԥ ааникылеит Аҟәатәи аспортсмен Александр Кациа, ари ақәратә гәыԥ аҟны, аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Гагратәи ахәмарыҩ Дмитри Куковицки, ҩаԥхьа ари ақәратә гәыԥ аҟны, ахԥатәи аҭыԥ даԥсахеит Гагратәи аспортсмен Александр Полонуер.

Аӡӷабцәа рыбжьара, бжьышықәса инаркны аашықәсанӡа зхыҵуа рҟны ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит Гагратәи аԥкьаҭ асыҩ Софиа Ажьиԥҳа.

Жәышықәса зхыҵуа инаддыркны жәашықәсанӡа, аӡӷабцәа рыбжьара, ахԥатәи аҭыԥ даԥсахеит, Аҟәатәи аспортсмен Евелина Табариан. Жәаха шықәсанӡа зхыҵуа аӡӷабцәа рыбжьара ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит, Аҟәатәи аԥҟьаҭ асыҩ Лаура Жьиԥҳа.

Аспортсменцәа қәыԥшцәа адныҳәаларақәеи азеиӷьашьарақәеи рыдыркылеит атурнир ахырқәшара аофициалтә церемониа иаҭааз, атурнир зыхьӡынҩылаз Салыбеи Арӡынба иҭаацәа, Аԥсны аԥкьаҭ асразы Афедерациа ахада Ҭамаз Абӷаџьаа, Аԥсны абҩарҵәыреи аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Рафаель Амԥар, аԥсуа-абаза жәлар адунеизегьтәи рконгресс ахада иабжьгаҩ Беслан Кобахьиа, Гагра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Геннади Ҵәыџьба, Гагра араион Ахадара аҿари аспорти рзы аҟәша аиҳабы Џьамал Анқәаб.

"Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит атурнир аҟны аԥхьахәтә ҭыԥқәа аанызкылаз зегьы. Шәаԥхьаҟа ари аспорт хкы зыԥсҭазаара иадызҳәало, ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәеи аманшәалареи. Сыхәҭакахьала, иҭабуп ҳәа шәасҳәоит, абас еиԥш аҩаӡара ҳаракыла атурнир еиҿызкаази имҩаԥызгази", — лҳәеит, Салыбеи Арӡынба иԥҳа Наала.

Аԥхьахәқәа ирыԥсахаз аспортсменцәа иранашьан ахраҿақәеи амедалқәеи агәаларшәагатә ҳамҭақәеи.

"Ари жәларбжьаратәи аԥкьаҭ асратә турнир ахыԥхьаӡалоуп Урыстәылатәи аԥкьаҭ асратә тур. Уаҟа иарбахоит аспортсменцәа рылҵшәақәа. Убри аҟнытә, абас еиԥш иҟоу атурнирқәа аԥкьаҭ асцәа қәыԥшцәа ирзаанартуеит алшарақәа", — ҳәа инаҵишьит, Аԥсны аԥкьаҭ асразы Афедерациа ахада Ҭамаз Абӷаџьаа.

Дмитри Кәартаа сасра диҭааит Михаил Реиман - Sputnik Аҧсны
Адунеи ачемпион Дмитри Кәартаа сасра диҭааит Михаил Реиман

Иара убас иазгәеиҭеит, аспортсменцәа қәыԥшцәа адныҳәалара шырзааишьҭыз, аԥкьаҭ асразы Урыстәылатәи Афедерациа ахада Шамиль Торпишьев.

Гагра араион Ахадара рыхьӡала, аҿар дрыдныҳәалеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Геннади Ҵәыџьба.

"Аԥсны аԥкьаҭ асразы Афедерациа раԥхьатәи ахада Салыбеи Арӡынба ихьӡынҩылоу атурнир алахәра аҵак ду амоуп. Иара дҿырԥшыгоуп еиҵагыло аҿар рзы. Уи ифырхаҵареи игәымшәареи шәара наӡаӡа ишәыцыз", — ҳәа ациҵеит Ҵәыџьба.

Аспортсменцәа аҳамҭақәа раҭәашьо, аԥсуа-абаза жәлар адунеизегьтәи рконгресс ахада иабжьгаҩ Беслан Кобахьиа ирзеиӷьеишьеит, ари аспорт хкы аҟны зыхьӡ хара инеихьоу Ален Аҩӡбеи Амина Аншбеи ирывҟәыло иҟаларц.

Аҩбарҵәыреи аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Рафаель Амԥар иганахьалагьы¸ агәрагара ааирԥшит хара имгакәа аԥкьаҭ асратә спорт ду аҟны, иахьатәи ҳфырхацәагьы рыӡбахә шырҳәало.

Аспортсменцәа ракәзар, рыхәҭакахьала иҭабуп ҳәа рарҳәеит абас еиԥш иҟоу атурнирқәа арылахәразы алшара рызҭо зегьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0