Афестиваль аҽазыҟаҵара Хьыбла хаҭала хылаԥшра алҭоит

© Sputnik Бадри ЕсиаваАфестиваль аҽазыҟаҵара Хьыбла хаҭала хылаԥшра алҭоит
Афестиваль аҽазыҟаҵара Хьыбла хаҭала хылаԥшра алҭоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиубилеитә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәналыԥхьоит…" мҩаԥысраны иҟоуп Диоскураа рыԥшаҳәаҟны иҟоу аҭоурых-культуратә ҳәырԥсарра "Аҟәаатәи абааш" аҿы нанҳәа 3 - 4 рзы.

АҞӘА, нанҳәамза 1 – Sputnik, Бадри Есиава. Аиубилеитә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәналыԥхьоит…" мҩаԥысраны иҟоуп Диоскураа рыԥшаҳәаҟны иҟоу аҭоурых-культуратә ҳәырԥсарра "Аҟәаатәи абааш" аҿы нанҳәа 3 — 4 рзы. Хьыбла лхаҭа ари аҭыԥ даҭааны илбеит.

Лара ҳкорреспондент изеиҭалҳәеит ԥхынгәы 27 рзы Аԥсныҟа дшааз, есыҽны ари аҭыԥахь дшааиуа, аусурақәа шцо лбарц азы.

Асцена аргылареи иара бжьылеи фымцалеи аиқәыршәареи рҟынӡа имҩаԥган аҳәырԥсарра аҵакыра арыцқьара.

Аҟәатәи абааҟны арыцқьаратә усурақәа мҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи абааҟны арыцқьаратә усурақәа мҩаԥыргеит

Аԥшьаша, ԥхынгәы 28 рзы жәаҩа еидарамҩангага машьына иааргеит адекорациақәеи атехникеи. Ахәаша ашьыжь асцена амонтажтә усурақәа нап дыркын.

"Асценатә конструкциа аибыҭара рнапы алакуп 30-ҩык, иара убриаҟара атәарҭа ҭыԥқәа рмонтаж иаҿуп. Асцена аура 24 метра иҟалоит, аҭбаара – ааба", ҳәа еиҭеиҳәоит анардадатә еилахәыра ахаҭарнак Алексеи Карамушко.

Иара иажәақәа рыла Аҟәатәи абааш асеиԥш иҟоу афестивальқәа рымҩаԥгаразы зеиԥш ыҟам ауп.

Алексеи Карамушко иҳәоит иара дызхаҭарныку аилахәыреи Хьыбла Гьерзмааԥҳаи жәашықәса раҟара аус шеицыруа.

Афымцатәи абжьытәи еиқәыршәагақәа рықәыргылара хдыркәшараны иҟоуп ԥхынгәы 31 рзы. Иара убри аҽны иаауеит Станиславскии Немировичи-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи амузыкатә театр аоркестргьы. Арепетициа хада мҩаԥгахоит нанҳәа 2 рзы.

Жәларбжьаратәи афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" еиҿкаан 2001 шықәса рзы, Аԥсны имҩаԥысуан. 2014 шықәса рзы Москва, К. С. Станиславскии В. И. Немировичи-Данченкои рыхьӡ зху Амузыкатә театр аҟны имҩаԥысит. 2015 шықәса рзы XIV афестиваль Вена, Музикфераин азал аҟны имҩаԥган. 2016 шықәса рзы – Швеицариа, Санкт-Мориц.

Ажәабжьқәа зегьы
0