Sputnik, Владимир Бегунов.
Ахәыҷы лчымазарақәа рацәоуп: ДЦП, лнервтә система ауашәшәырра, лцәажәара ауадаҩра, аблакьыԥшра уҳәа.
Ахәыҷы лан Диана Ԥанчулиӡе еиҭалҳәоит ахәыҷы шықәсыбжак анылхыҵуаз ишеилкаахаз лгәабзиара ауашәшәырра шамаз.
"Усҟаноуп ианааба Маша лықәлацәа дышрыҵахоз ҿиарала. Аныҟәара хышықәса анылхыҵуаз далагеит, ацәажәара – хәышықәса анылхыҵуаз", — лҳәеит ан.
Ахәыҷы лчымазара иахҟьаны лан џьаргьы аус лзуӡом. Лаамҭа зегьы уи илыдуп. Диана лажәақәа рыла Маша асахьаҭыхра бзиа илбоит. Лан лымацара лымч ахьлықәымхо азы андугьы дрыцхраауеит.
"Иахьахәлаанӡа лышьҭа схуп џьара акы лмыхьындаз ҳәа. Дани инаркны аусура сҭымҵыц. Исылшо лыгсырхом. Сан лтәанчахәы ала ҳхы ныҟәаагоит. Маҷ шыҟаҳамҵацгьы лцәажәара еилгам, акы акра, ашьҭыхра лцәыуадаҩуп. Ацхыраара ҳарҭарц аҳәара зуеит. Ҳрыцҳара шәаҩымсын", — лҳәоит Диана Ԥанчулиӡе.
Аҟәатәи ареабилитациатә центр аусзуҩцәа ирҳәоит ахәыҷы ареабилитациа аԥшьбатәи акурс дшахысхьоу. Ахәышәтәра ааныукылар нас аихьӡара уадаҩхоит ҳәа рҳәоит дара.
Ацентр алогопед еиҭалҳәоит Мариа 2012 шықәса рзы арахь дшаанагаз. Уижьҭеи лцәажәара акыр еиӷьхахьеит.
Маша лани лареи Шәача, Краснодар, Санкт-Петербург ицахьеит ҽыхәышәтәра ҳәа. Уажәы Москваҟа ицароуп. Уа ирзыԥшуп.
Ачымазцәа хәыҷқәа ацхыраара рызҭо афонд аусура иалагеит 2011 шықәса рзы. Уижьҭеи 94 хәыҷы 170 рҟынӡа ҽыхәышәтәра курс иахысхьеит.