Аолимпиатә хәмаррақәа аатит

© Sputnik / Алексей Куденко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАолимпиатә хәмаррақәа аатит
Аолимпиатә хәмаррақәа аатит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла еизгоу акоманда иалахәхеит 277-ҩык аспортсменцәа.

АҞӘА, нанҳәа 8 — Sputnik. Аамҭала Бразилиа Ахада инапынҵақәа назыгӡо Мишел Темер ирылеиҳәеит XXXI аԥхынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа 2016 шықәса Рио-де-Жанеиро аартуп ҳәа.

Аолимпиатә мца аиркит 2004 шықәса рзы Афин ақалақь аҟны аџьаз медал занашьахаз амарафонец Вандерлеи Кордеиру.

207 ҳәынҭқарра рспортсменцәа рпарад ашьҭахь "Маракана" атрибунахь ихалоит аоргкомитет ахантәаҩы Карлос Нузмани МОК аиҳабы Томас Бахи.

Урҭ рықәгыларақәа рышьҭахь Кениатәи аолимпиатә чемпион Кипчоге Кеино Бах иҟынтәи иоуит аҳамҭа, абри ашьҭахь Мишел Темер ирылеиҳәеит Аолимпиада —2016 аартуп ҳәа.

Аолимпиатә традициатә қәра иҳәоит аиахтаныҟәцаҩ Роберт Шеидт.

Раԥхьаӡа акәны Аладатәи Америка имҩаԥысуеит Аолимпиатә хәмаррақәа. Олимпиада-2016 мҩаԥысуеит нанҳәа 5 — 21 рзы.


Ажәабжьқәа зегьы
0