Аԥснынтәи ажурналистцәа Аҩадатәи Кипр иҟан

© Foto / Сырма Ашәԥҳа"Аԥсынтәыла сара стәыла" ажурнал аредақциа аусзуцәа Аҩадатәи Кипр иҟан
Аԥсынтәыла сара стәыла ажурнал аредақциа аусзуцәа Аҩадатәи Кипр иҟан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Аԥсынтәыла сара стәыла" ажурнал аредақциа аусзуцәа Аҩадатәи Кипр иҟан, ажурналистцәа араҟа ирԥылеит Кавказ ихҵәаз амилаҭқәа рхаҭарнакцәа.

АҞӘА, нанҳәа 10 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Арҭ амшқәа рзы Аҩадатәи Кипр аус руан ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" иҭнажьуа ажурнал "Аԥсынтәыла сара стәыла" ажурнал аредақциа аусзуцәа.   Ажурналистцәа араҟа ирԥылеит Кавказ ихҵәаз амилаҭқәа рхаҭарнакцәа. Аха урҭ зегьы ачерқьесцәа ҳәа ирышьҭоуп. Кипр инхоит даараӡа ирацәаҩны Кавказаа рхылҵшьҭрақәа, аха рхыԥхьаӡара еилкаам. 

"Аҩадатәи Кипр даараӡа аинтерес зҵоу, аҭоурых ду змоу тәылоуп. Ишдыру еиԥш, уи жәларбжьаратәи азхаҵара шамамгьы, акиприотаа адунеи аҿаԥхьа ирылдыршеит рхатә ҳәынҭқарра аԥҵара ишазыхиоу. Ахәҭакахьала, имаҷым Кавказаа ирыдҳәалоу аҭоурых, аха уи аҭҵаара агуп. Аҩадатәи ахәҭаҟнеиԥш, ирацәаҩуп Аладатәи Кипр инхо Кавказаа. Уаҟа ирацәоуп дара ишьақәдыргылаз ақыҭақәа. Имаҷҩым ари аҳәынҭқарраҿы аиҳабыратә маҵзура аанызкыло Кавказаа рхылҵшьҭрақәагьы", — иҳәеит ажурнал "Аԥсынтәыла сара стәыла" аредактор хада Гурам Амқәаб. 

Ажурналистцәа рыҿцәажәеит хылҵшьҭрала аԥсуаа иреиуоу Кипр атәылауаа, аҳәынҭқарратә усзуцәа, иара убас адепутатцәа, аҵарауаа. Алшара рыман ааигәа Аԥсны имҩаԥысуаз ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа злахәыз ашьапылампылтә чемпионат зхы алазырхәыз Кипртәи ашьапылампыл асыҩцәа рԥылара. 

"Аҭырқәцәа иҳамоуп ажәытә ажәаԥҟак: "Аҩыза, аҩыза диҩызоуп" ҳәа. Аԥсны иаҳбаз асасдкылашьеи, аԥсуаа иаашәырԥшыз ауаҩреи, апатуи, ари ажәаԥҟа аҵакы хымԥада иарҵабыргит. Ҳара зегь раԥхьаӡа иргыланы ҳхырхит ашьапылампыл ахәаԥшыҩцәа. Ҳахәмаррақәа зегьы раан, ҳара иаҳныруан ҳкоманда шаҟа пату ақәҵаны ирыдыркылоз атрибунаҿы итәаз ауаа", — ҳәа гәахәарыла еиҭеиҳәон Кипр еизгоу ашьапылампыл асыҩцәа рыклуб аиҳабы Меҳмеҭ Авџьы. 

Абарҭ анҵамҭақәа зегьы еиҳа инарҭбааны аԥхьара алыршахоит ааигәа иҭыҵраны иҟоу ажурнал "Аԥсынтәыла сара стәыла" адаҟьақәа рҿы. 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0