АҞӘА, нанҳәа 17 — Sputnik, Анжелик Бениаԥҳа. Ашәарыцацәеи аԥсыӡкцәеи рреспубликатә еилазаара имҩаԥнагеит ашәарыцалақәа рцәыргақәҵа Аҟәа, нанҳәа 16 рзы. Абри атәы ҳзааицҳаит Ашәарыцацәеи аԥсыӡкцәеи рреспубликатә еилазаара ахантәаҩы Ҳаџьараҭ Кәыҵниа.
"Ацәыргақәҵа мҩаԥаагоит ашьацқьа злоу алақәа ралкааразы. Аԥсны еснагь ашәарыца ла бзиақәа ныҟәыргон. Ҳара ҳҿаԥхьа дҵаны иқәгылоуп ашәарыца лааӡара арҿиара", — иҳәеит Кәыҵниа.
Алақәа ацәыргақәҵахь рнеира азин ҟаҵан аветеринартә гәаҭара ианахыслак ашьҭахь.
"Ҳара ҳхатә ҟазацәа ахьҳамам инамаданы иааҳаԥхьоит Урыстәылеи Европеи рҟынтәи азанааҭуаа. Рԥышәа ҳамардоит", — иҳәоит Кәыҵниа.
Ацәыргақәҵахь инаган 50 рҟынӡа лажәла еилаԥса: англиатәи поинтер, англиатәи сеттер, ирландиатәи сеттер, шотландиатәи сеттер, дратхаар, курцхаар…
4-шықәса зхыҵуаз англиатәи асеттер Молли ацәыргақәҵааҿ аԥыжәара аман, аԥхьатәи аҭыԥқәа хԥа агеит. Иара аԥшәма Степан Азаиан иажәақәа рыла Молли ҩышықәсоуп ацәыргақәҵақәа ирылахәхахьоижьҭеи.
Азаиан илақәа Аԥсны адагьы Урыстәылагьы аԥхьахәқәа ргахьеит.
Гарри Бигәаа ацәыргақәҵахь иааигеит 4-шықәса зхыҵуа поинтери шықәсыбжак зхыҵуа курцхаари. Урҭгьы аԥхьахәқәа ранашьахеит.
Есышықәсатәи ацәыргақәҵақәа мҩаԥыслоит аԥхын анҵәамҭаз.
50 шәарыца ла рҟынтәи 15 Очамчыра имҩаԥысраны иҟоу адәытә гәаҭарақәа ирылахәхараны иҟоуп.
Ҳаџьараҭ Кәыҵниа иажәақәа рыла агәаҭарақәа раан алақәа рыххәшьара адагьы аԥшәмацәагьы рхымҩаԥгашьа, рабџьар аиқәшәашьа уҳәа ирыхәаԥшуеит.