Арежиссиорцәа қәыԥшцәа акастинг рыларҳәоит

© SputnikКастинг
Кастинг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониаҟны нанҳәа 20-21 рзы имҩаԥысраны иҟоуп Михаил Лакрба иновеллақәа ирылху акиноальманах азы актиорцәа ралыԥшаара

АҞӘА, нанҳәа 17 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Арежиссиорцәа новеллак-новеллак алырхит. Аҭыхрақәа ралагара иазыԥшуп. Уажәтәи аамҭазы актиорцәа ралыԥшааразы акастинг мҩаԥыргараны иҟоуп. Абри атәы ҳкорреспондент илзеиҭеиҳәеит арежиссиор Ҭимур Кәакәасқьыр.

Иара иазгәеиҭеит акастинг зхы алазырхәыр зҭаххо рацәаҩхап ҳәа агәӷра шимоу.

Аԥсуа режиссиор қәыԥшцәа. - Sputnik Аҧсны
Миха Лакрба ифырхацәа аекран аҟны идырбахоит

"Иалысхыз ановеллаз Занда Какалиаԥҳаи сареи асценари аҩра ҳаҿуп. Лакрба иновеллақәа зегьы аԥсуа-цәа рыҟәнуп. Ишахәҭоу еиԥш аекран ахь иҳазнагара ахәаԥшцәа хымԥада ирыдыркылоит", — иҳәоит Кәакәасқьыр.

Иара иазгәеиҭеит акастинг иалахәхо рзы аԥсшәа адырра шхымԥадатәиу, избанзар ановеллақәа аԥсышәалоуп ишҭыххо.

"Абарҭ ановеллақәа рҭыхра ҳара зегьы ҳзы акинемотографиа ахацыркроуп иаанаго. Аҽгәаҭараз инеиуа срыҳәар сҭахуп аусураз агәаҳәара рыманы инеирц", — иҳәоит арежиссиор қәыԥш Инар Нарманиа.

Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониаҟны нанҳәа 20-21 рзы (11:00 — 18:00) имҩаԥысраны иҟоуп Михаил Лакрба иновеллақәа ирылху акиноальманах азы актиорцәа ралыԥшаара. Ааԥхьара рыҭоуп 16 шықәса инаркны 70 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аҳәсеи ахацәеи.

Аҭыхрақәа ирылагоит ҭагалан, ашықәс нҵәаанӡа ихыркәшахоит. Арежиссиорцәа Ҭимур Кәакәасқьыр, Дауҭ Логәуа, Джано Ҵурҵумиа, Илона Хәарцкьиаԥҳа, Инар Нарманиа иҭырхраны иҟоуп ановеллақәа хәба.

Ажәабжьқәа зегьы
0