00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
2 мин
Инструкция по применению
14:57
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
2 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аилазаара аминистр ҿыц ддырдырын

© Sputnik Бадрак АвидзбаАҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аилазаара аминистр ҿыц ддырдырын
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аилазаара аминистр ҿыц ддырдырын - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩаша, нанҳәа 16 рзы Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Ақәҵара инапы аҵеиҩит Аслан Кобахьиа Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыси Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрси иаҭаразы.

АҞӘА, нанҳәа 17 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҩаша, нанҳәа 16 рзы Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Ақәҵара инапы аҵеиҩит Аслан Кобахьиа Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыси Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрси иаҭаразы. Ахаша, нанҳәа 17 рзы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аилазаара аминистр ҿыц ддырдырын.

Атәыла Ахада аминистр ҿыц изеиӷьеишьеит аколлективи иареи еидгыланы апроблема рацәа рҿаԥхьа иқәгылоу аӡбараҿ ақәҿиарақәа.

"Аибашьра ашьҭахь иуадаҩыз аамҭақәа раан Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аилазаареи иахьатәи аминистри аусура еицаҿын. Агәра згоит уаанӡа имҩаԥысуаз аусурақәа ԥхьаҟагьы ирыцҵахоит ҳәа, еиҳагьы хра рыманы иҟалоит ҳәа", — иҳәеит атәыла Ахада.

Ҳаџьымба иазгәеиҭеит ацәгьоурақәа раарԥшра шеизырҳатәу иара убасгьы амҩатә ҭагылазаашьақәа ишырхылаԥшлатәу.

Атәыла Ахада уаанӡатәи аминистр Леонид Ӡаԥшьба ҭабуп ҳәа иеиҳәеит имҩаԥигоз аусуразы. Иара убасгьы иазгәеиҭеит абри аусхк аҟны иусура ишациҵо.

Леонид Ӡаԥшьба Аслан Кобахьиа изеиӷьеишьеит ԥхьаҟатәи ақәҿиарақәа.

Атәыла Ахада иажәақәа рыла ААР (МВД) аҟны аполитика ҭыԥ амамзароуп, аусурагьы азинеиҿкаара аиқәыршәара иазырхазароуп.

"Сара ибзианы еилыскаауеит иарбан ҭакԥхықәроу сызҵагылоу. Даара иуадаҩуп аҩныҵҟатә-ӷа иҿагылара, аха уи ада ԥсыхәа ыҟам", — иҳәоит Аслан Кобахьиа.

Аҩаша, нанҳәа 16 рзы Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Ақәҵара инапы аҵеиҩит Аслан Кобахьиа Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыси Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрси иаҭаразы

Ажәабжьқәа зегьы
0