Кобахьиа: арыжәтә ыжәны аԥсҟы акра аанкылатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСотрудник ГАИ РА
Сотрудник ГАИ РА - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аилазаара дыдирдырит аминистр ҿыц Аслан Кобахьиа.

АҞӘА, нанҳәа 18 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ирацәаҩуп аинтернет аҟны изыҩуа иццакны аныҟәара аԥсуаа ирҷыдаҟазшьоуп ҳәа. Аха ҳаргьы адунеи иқәу ауаа зегьы ҳреиԥшуп, иҳәеит аминистр Аслан Кобахьиа имҩаԥигаз абрифинг аҟны.

"Дарбанызаалак ауаҩы аԥсҟы анику арыжәтә ыжәны мамзаргьы анаркотикатә маҭәашьар идкылан дыҟамзар аццакра илалом", — иҳәеит иара.

Аминистр иазгәеиҭеит амҩақәа рҟны амашәыр ҟамларцаз арыжәтәи анаркомаҭәашьарқәеи ирҿагыланы ишықәԥалатәу.

Аслан Кобахьиа иҳәеит иаарласны ишаԥҵахо анаркотрафик иаҿагылан ақәԥараз аусбарҭа.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит арыжәтә ыжәны, анаркотикатә маҭәашьар зыдкылан иҟоу ауаҩы иԥсҭазаарагьы атәым ԥсҭазаарагьы ашәарҭа ишҭаиргыло.

Ажәабжьқәа зегьы
0