АҞӘА, нанҳәа 18 — Sputnik. Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аушьҭра-гәаҭаратә Пункт “Ҧсоу” аҿы аҳәаанырцәтәи атәылауаа авизақәа рыҭаразы апункт аанартит.
Аԥсны ахьыԥшымра азхазымҵаз атәылақәа руааԥсыра ирылшоит абри аҭыԥ аҟны авизақәа роура.
Абасала, Урыстәылатәи Афедерациа, Ареспубликақәа Никарагуа, Тувалу, Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика, Аахыҵ Уаҧстәылатәи Ареспублика, Ареспубликақәа Беларусь, Ҟазахсҭан атәылаауа аламҵакәа, егьырҭ аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа ртәылауаа, Аҧсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа ахыҵраан, авиза аиқәыршәаразы алшара роуеит.
Иарбоу апункт, рашәарамза 1, 2016 шықәсазы азакәанмчы зауз “Ареспублика Аҧсны аҳәынҭқарратә ҳәаа иахыҵны аҭалареи алҵреи рзы аҧҟарақәа” ҳәа хыс измоу Аҧсны Азакәан анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны иаартуп.