Аԥсуа маҭәа афестиваль мҩаԥысуеит Гагра, нанҳәамза 20 рзы

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАԥсуа маҭәа афестиваль мҩаԥысуеит Гагра
Аԥсуа маҭәа афестиваль мҩаԥысуеит Гагра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Раԥхьаӡакәны, аԥсуа маҭәа иазку афестиваль мҩаԥысуеит Гагра, нанҳәамза 20 рзы.

ГАГРА, нанҳәамза 18 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Ари апроект авторс дамоуп, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, Гагратәи ателехәаԥшра аиҳабы Русҭан Канџьариа.

"Ҩышықәса раахыс сгәы иҭан ари апроект анагӡара. Уи хықәкыс иамоуп аԥсуа милаҭ маҭәа аӡыргара, ахьӡ-аԥша еизо деилыркаара, аҿар арыларҵәара. Сынтәа Гагра араион анапхгара рымчала сгәы иҭаскыз насыгӡоит. Арыцхә 20 рзы, аныҳәа ду ахь иааҳаԥхьоит агәаҳәара змоу зегьы", — иҳәоит апроект автор Русҭан Канџьариа.

 

Нанҳәамза 20 аҽны, Гагра ақлақь аҟны аус зуо акаҳуажәырҭақәеи аресторанқәеи, ауаа рацәа ахьеизоуи аҭыԥқәа рҟны игалоит аԥсуа милаҭтә музыкеи аԥсуа естрадатә ашәақәеи.

Аныҳәа ихадоу ахәҭа ахьымҩаԥысуа, асасааирҭа "Абхазиа" ашҭаҟны еиҿкаахоит аԥсуа маҭәа ацәыргақәҵақәа, акрыҭиирҭатә ҭыԥ маҷқәа. Араҟа, еизо ирыдгалахоит анышәаԥшь иалху ачыс маҭәеи амилаҭтә атрибутика иадҳәалоу амаҭәарқәеи.

Аныҳәа асценари инақәыршгәаны, асааҭ 16 рзы, Гагра алаларҭа, Ԥсахара ақыҭан, араион анапхгареи аҭыԥантәи адепутатцәеи акультура аусзуҩцәеи ԥсыуа маҭәала рҽеилаҳәаны ирԥылоит Гагра иаҭаауа асасцәа.

Анаҩс, дара рҽеиҩшаны ирҭаауеит ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа. Уаҟа имҩаԥыргоит ақәгылара маҷқәа.

"Ахәылбыҽха, 19 сааҭ рзы аныҳәа алахәцәа рҽеизыргоит, Владислав Арӡынба ибаҟа аҿаԥхьа, араҟа ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭаҵаны рҿынархоит Ахьӡ-аԥша абаҟахьы. Еицу шьапыла инаӡоит, асасааирҭа "Абхазиа" ашҭанӡа. Урҭ ирывагыланы ицалоит ԥсыуа маҭәала еилаҳәоу быжьҩык аҽыуаа", — ҳәа ҳаилиркааит Русҭан Канџьариа.

Асасааирҭа "Абхазиа" ашҭаҟны иҟоу асценаҿы ишьақәыргылахоит аекрангьы. Еизо идырбахоит, аԥсуа маҭәа иазку адокументалтә фильм. Аныҳәа амҩаԥгаҩцәа иазааҭгылоит аԥсуа маҭәа аҭоурых.

Афестиваль харҭәаахоит аконцерттә программала. Араҟа ишәаҳәоит икәашоит араионқәа рҟынтә ааԥхьара змоу аколлективқәа, еицырдыруа артистцәа.

Нанҳәамза 20 рзы имҩаԥысраны иҟоу аԥсуа маҭәа аныҳәа инамаданы, ақалақь аҟны зехьынџьара икнаҳауп абаннерқәа.

Апроект автор Русҭан Канџьариа аҳәара ҟаиҵоит, аныҳәахь имҩахыҵуа зегьы, излауо ала аԥсуа маҭәала рҽеиларҳәарц.

Афестиваль ахь ааԥхьара имоуп атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымбагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0